Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Харковтәи аобласт аҟны украинатәи абатареиа РСЗО "Ольха" ааха арҭеит

Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟала урыстәылатәи аруаа ахара икылкаан ихысуа абџьар ала Украина арратә напхгараҭареи аенергетикеи рыргыларақәа ааха рырҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Харковтәи аобласт аиланхарҭа Липцы аҟны украинатәи ареактивтә батареиа аицҭырҟьаратә система "Ольха" ааха аҭоуп ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа адыррала Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ арҟәшақәа аӡиас Жеребец рырра аанкылан. Урыстәылатәи артиллериеи арратә авиациеи иалдыршеит аӷа шьҭахьҟа иԥхьацара. Иҭархоуп 40-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа хԥа.
Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы УАМ аруаа Херсонтәи аобласт аиланхарҭа Суханово аҿы аӷа иҽазишәеит урыстәылатәи аруаа хгәыцәла рылалара. Аӷа ааха ӷәӷәа иҭаны шьҭахьҟа дыԥхьарцеит.
Ари ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархан ҩышәҩык рҟынӡа аруаа, 18-ҩык аурысқәа рыҽрырҭеит. Иҭархоуп 14 танк, 16 кәылӡмашьына, 7 автомашьынак. Ирымпыҵахалоуп ҩ-танкк, аршьаҟауаа рмашьына, аминаҵхгатә шьақәгыла УР-77.
Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟала аоператив-тактичкатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, 72 артиллериатә ҟәша, ауааԥсыреи арратә техникеи 179 раион рҿы, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 4, абылтәыҵәахырҭа. ДЖәР аҿы ааха рыҭоуп арадиолокациатә станциа AN/TPQ-36, арадиолокациатә станциа СТ-68УМ. ПВО ахархәагақәа икарыжьит украинатәи авертолиот Ми-8, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 18, РСЗО "Ольха" ахгәыцәқәа хԥа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Херсонтәи аобласт аҿы украинатәи аҳаирплан карыжьит