Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Херсон ԥшьҩык ауаа ҭахеит УАМ иҟарҵаз ахысрақәа рышьҭахь

Украинатәи ар ракетала рхысра ашьҭахь ԥшьҩык ауаа ҭахеит, ахәыҷқәа назлаз жәпаҩык аахақәа роуит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Херсон аҭынч уааԥсыра ԥшьҩык ҭахеит УАМ иҟарҵаз ахысрақәа рышьҭахь ҳәа "Соловьев Live" аефир аҿы еиҭеиҳәеит аобласт ахада ихаҭыԥуаҩ Кирилл Стремоусов.
Днепр аӡырсырҭа иақәкны идәықәҵан 12 ракета.
Жьҭаара 18 рзы ар Еиду ргәыԥ адҵаҟаҵаҩ, ар реинрал Сергеи Суровикин аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО анапхгара украинатәи аруаа ишрыдырҵо херсонтәи ахырхарҭала ажәылара иалагарц.
Иара иажәақәа рыла иҟоуп адыррақәа, киевтәи арежим ззин ыҟам аметодқәа– Каховтәи ГЕС ракетала аихсра, ақалақь аракета-артиллериала алахысра реиԥш иҟоу ахы ианархәар ауеит ҳәа.
Жьҭаара 19 рзы Херсонтәи аобласт аиҳабыра ирҳәеит Днепр армарахьтәи ахәҭахьи ааигәатәи урыстәылатәи арегионқәа рахьи 50-60 нызқь рҟынӡа аҭынч уааԥсыра шахырго. Уи азын фбаҟа мшы рҟынӡа аамҭа аҭаххоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Херсонтәи аобласт анапхгара 50-60 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра рахыгара ргәы иҭоуп