Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Херсонтәи аобласт анапхгара 50-60 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра рахыгара ргәы иҭоуп

© Sputnik РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовседневная жизнь в Херсоне
Повседневная жизнь в Херсоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2022
Анапаҵаҩра
УАМ Каховтәи ГЕС иажәлар Херсон аӡы шаҵало азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Сальдо.
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Херсонтәи аобласт анапхгара 50-60 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра Днепр армаратәи агани урыстәылатәи арегионқәеи рахь рахыгара ргәы иҭоуп, абри атәы адырраҭара "Соловьев Live" аҿы иҳәеит аобласт агубернатор и.н. Владимир Сальдо.

Иара иажәақәа рыла ауснагӡатәқәа фымшҟа аамҭа аҭахуп. Ауаа рымҩаԥгаразы апаранқәа ахархәара рыҭахоит.

УАМ Каховтәи ГЕС иажәлар Херсон аӡы шаҵало азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Сальдо. Иара иҳәеит Украина амчқәа шеизнакуа николаевтәии криворожтәии ахырхарҭақәа рҿы, иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ауааԥсыра рахыгара рҽазыркит, убри аан ахырӷәӷәарҭақәа аԥырҵоит.
Жьҭаара 18 азы арратә аоперациа ҷыда аҿы Еидҵоу ар ргәыԥ анапхгараҟаҵаҩ, ар реинрал Сергеи Суровикин иҳәахьан, Украинатәи аруаа анапхгара рзыҟазҵо НАТО аиҳабыра иҟалар зуа ацәыӡқәа ирыхьмырԥшыкәа Киев херсонтәи ахырхарҭаҿы ижәылаларц адҵа арҭоит ҳәа.
Суровикин иажәақәа рыла иҟоу адыррақәа рыла, Херсон иахьаҵанакуа киевтәи арежим аибашьраҿ зхархәара ҟамло аметодқәа рхы иадырхәар алшоит, Каховтәи ГЕС аракетатә ааха арҭар ҟалоит, иара убасгьы еилых ҟамҵакәа ақалақь аракета-артиллериатә ааха арҭар рылшоит ҳәа.
Понтонная переправа в Херсоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Суровикин: НАТО Киев адҵа анаҭоит Херсонтәи ахырхарҭахь ажәылара иалагарц
Ажәабжьқәа зегьы
0