Аԥсны

Аԥсны амилициа ачарақәа раамҭазы ауаа амҩатә ԥҟарақәа ишрықәныҟәо ҷыдала иацклаԥшлоит

Аԥсны ачарақәа ианраамҭоу амҩақәа рҿы амашәырқәа еиҳа лассы-лассы иҟалалоит, агәырӷьара иадырганы уажәы-уажәы ихысуеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аԥсны ААР ачарақәа раамҭазы ауаа амҩатә ԥҟарақәа ишрықәныҟәо ҷыдала иацклаԥшлоит,абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Иара убас идырӷәӷәоит изакәанымкәа абџьар аҵәахра афакт раарԥшразы аусура.
"Арҭ рҩызцәа аусмҩаԥгатәқәа зызку ачарауаа рмашьынақәа амҩақәа рҿы ихагаханы иахьныҟәо, иара убас иааҟәымҵзакәа ахысрақәа иахьырҿу ауп", - рҳәоит аусбарҭаҿы.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, арҭ рҩызцәа амашьынақәа ааныркылоит, иаҭаххаргьы, азин еилазгаз амилициа рахь иргалоит.