АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аветеринартә маҵзура ахыбра аиҭашьақәыргылара иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анардатә еиҿкаара "Строймонтаж-2" аиҳабы Рустам Цәеиба.
"Аҩнуҵҟатәи аусурақәа цоит. Ахыб ҳаԥсаххьеит, аҭыӡқәа шьыхуп, адашьма ҿыц иҭаҳарҭәоит. Иԥсаххоит ашәқәеи аԥенџьырқәеи, иара убас афымцеи асантехникеи. Ахыркәшамҭаз иаҳшәоит иаҳрыцқьоит. Аиашаз, ахыбра цәгьала иҟан, ҳназкьыслак зегьы еилаҳауан", - ҳәа иҳәеит иара.
Цәеиба иазгәеиҭеит аҿаҵа ҟазҵаз Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа шакәу, аусурақәа рзы аҳәынҭбиуџьет аҟынтәи ирзоужьуп 9 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара.
Гәдоуҭа араион аветеринартә маҵзура афельдшер Глафира Кузнецова лажәақәа рыла, ахыбра ргылан 1943 шықәсазы, уи аахыс зныкгьы арҽеиратә усурақәа мҩаԥырымгаӡацт. Аҵыхәтәантәи жәашықәса раахыс аветеринартә маҵзура аусуцәа рымч ала адашьмақәа ршәуан.
"Сара араҟа 16 шықәса ҵоит аус зуеижьҭеи. Аҭагылазаашьа уаҩы ичҳартә иҟамызт. Ахыб ақәа кылсуан, аԥхарра ҳамамызт, аҭуан аҟынтәи ашьых леиуан", - лҳәеит лара.
Амаҵзураҿы хҩык аус руеит - аҳақьым хада, афельдшер, апрактикант. Дара ирхәшәтәуеит арахә, алақәа, ацыгәқәа.
Кузнецова илҳәеит аветеринартә маҵзураҟны аусзуцәа шырзымхо. Аԥстәқәа раԥхьатәи ацхыраара анырзыҟарҵалак Аҟәаҟа иаарышьҭуеит иаҭаху ахылаԥшра роурц.