https://sputnik-abkhazia.info/20221022/gdouati-aveterinart-mazura-akhybra-eiashadyrgyloit-1042188478.html
Гәдоуҭатәи аветеринартә маҵзура ахыбра еиҭашьақәдыргылоит
Гәдоуҭатәи аветеринартә маҵзура ахыбра еиҭашьақәдыргылоит
Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа араион аветеринартә маҵзура ахыбра ргылан 1943 шықәсазы. Уи аахыс арҽеиратә усурақәа ҳәа акагьы мҩаԥырымгаӡацызт. 22.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-22T09:20+0300
2022-10-22T09:20+0300
2022-10-22T09:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
гәдоуҭа араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/15/1042186910_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_5fd4b83dba098f21a342399b25c4729d.jpg
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аветеринартә маҵзура ахыбра аиҭашьақәыргылара иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анардатә еиҿкаара "Строймонтаж-2" аиҳабы Рустам Цәеиба.Цәеиба иазгәеиҭеит аҿаҵа ҟазҵаз Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа шакәу, аусурақәа рзы аҳәынҭбиуџьет аҟынтәи ирзоужьуп 9 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара.Гәдоуҭа араион аветеринартә маҵзура афельдшер Глафира Кузнецова лажәақәа рыла, ахыбра ргылан 1943 шықәсазы, уи аахыс зныкгьы арҽеиратә усурақәа мҩаԥырымгаӡацт. Аҵыхәтәантәи жәашықәса раахыс аветеринартә маҵзура аусуцәа рымч ала адашьмақәа ршәуан."Сара араҟа 16 шықәса ҵоит аус зуеижьҭеи. Аҭагылазаашьа уаҩы ичҳартә иҟамызт. Ахыб ақәа кылсуан, аԥхарра ҳамамызт, аҭуан аҟынтәи ашьых леиуан", - лҳәеит лара.Амаҵзураҿы хҩык аус руеит - аҳақьым хада, афельдшер, апрактикант. Дара ирхәшәтәуеит арахә, алақәа, ацыгәқәа.Кузнецова илҳәеит аветеринартә маҵзураҟны аусзуцәа шырзымхо. Аԥстәқәа раԥхьатәи ацхыраара анырзыҟарҵалак Аҟәаҟа иаарышьҭуеит иаҭаху ахылаԥшра роурц.
https://sputnik-abkhazia.info/20221020/gdoua-gymsati-ama-areirat-usuraa-abati-akha-ialageit-1042149766.html
гәдоуҭа араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/15/1042186910_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_ba8e82de0ebf915bb97bb2f085635543.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, гәдоуҭа араион
ажәабжьқәа, гәдоуҭа араион
Гәдоуҭатәи аветеринартә маҵзура ахыбра еиҭашьақәдыргылоит
Гәдоуҭа араион аветеринартә маҵзура ахыбра ргылан 1943 шықәсазы. Уи аахыс арҽеиратә усурақәа ҳәа акагьы мҩаԥырымгаӡацызт.
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аветеринартә маҵзура ахыбра аиҭашьақәыргылара иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анардатә еиҿкаара "Строймонтаж-2" аиҳабы Рустам Цәеиба.
"Аҩнуҵҟатәи аусурақәа цоит. Ахыб ҳаԥсаххьеит, аҭыӡқәа шьыхуп, адашьма ҿыц иҭаҳарҭәоит. Иԥсаххоит ашәқәеи аԥенџьырқәеи, иара убас афымцеи асантехникеи. Ахыркәшамҭаз иаҳшәоит иаҳрыцқьоит. Аиашаз, ахыбра цәгьала иҟан, ҳназкьыслак зегьы еилаҳауан", - ҳәа иҳәеит иара.
Цәеиба иазгәеиҭеит аҿаҵа ҟазҵаз Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа шакәу, аусурақәа рзы аҳәынҭбиуџьет аҟынтәи ирзоужьуп 9 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара.
Гәдоуҭа араион аветеринартә маҵзура афельдшер Глафира Кузнецова лажәақәа рыла, ахыбра ргылан 1943 шықәсазы, уи аахыс зныкгьы арҽеиратә усурақәа мҩаԥырымгаӡацт. Аҵыхәтәантәи жәашықәса раахыс аветеринартә маҵзура аусуцәа рымч ала адашьмақәа ршәуан.
"Сара араҟа 16 шықәса ҵоит аус зуеижьҭеи. Аҭагылазаашьа уаҩы ичҳартә иҟамызт. Ахыб ақәа кылсуан, аԥхарра ҳамамызт, аҭуан аҟынтәи ашьых леиуан", - лҳәеит лара.
Амаҵзураҿы хҩык аус руеит - аҳақьым хада, афельдшер, апрактикант. Дара ирхәшәтәуеит арахә, алақәа, ацыгәқәа.
Кузнецова илҳәеит аветеринартә маҵзураҟны аусзуцәа шырзымхо. Аԥстәқәа раԥхьатәи ацхыраара анырзыҟарҵалак Аҟәаҟа иаарышьҭуеит иаҭаху ахылаԥшра роурц.