Иркутск аҳаирплан ахатәы ҩны иақәҳаит

Аҳаирплан Су-30 аԥышәаратә ԥырра мҩаԥнагон абџьар ақәымҵакәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аҳаирплан Су-30 Иркутск аиланхарҭақәа рҿы игылаз ахатәы ҩны иақәҳаит ҳәа и-Telegram-канал аҿы адырра ҟаиҵеит аобласт ахада Игорь Кобзев.
Аҳаирплан анкаҳаз аҩны аӡәгьы дыҟамызт, аха аԥрыҩцәа рыҩџьагьы ҭахеит.
Абылра ҟалеит 200 метр ԥшьыркца аҵакыраҿы, иаарту амцакра ырцәоуп.
Иара убас аҳаирплан анкаҳа лашарада иаанхеит 150 ҩны. Аобласт апрокуратура агәаҭарақәа мҩаԥнагоит иҟалаз ахҭыс инамаданы.