Иркутск аҳаирплан ахатәы ҩны иақәҳаит

© Foto / П/с губернатора Иркутской области / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолет Су-30 упал в Иркутске
Самолет  Су-30 упал в Иркутске - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2022
Анапаҵаҩра
Аҳаирплан Су-30 аԥышәаратә ԥырра мҩаԥнагон абџьар ақәымҵакәа.
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аҳаирплан Су-30 Иркутск аиланхарҭақәа рҿы игылаз ахатәы ҩны иақәҳаит ҳәа и-Telegram-канал аҿы адырра ҟаиҵеит аобласт ахада Игорь Кобзев.
Аҳаирплан анкаҳаз аҩны аӡәгьы дыҟамызт, аха аԥрыҩцәа рыҩџьагьы ҭахеит.
Абылра ҟалеит 200 метр ԥшьыркца аҵакыраҿы, иаарту амцакра ырцәоуп.
Иара убас аҳаирплан анкаҳа лашарада иаанхеит 150 ҩны. Аобласт апрокуратура агәаҭарақәа мҩаԥнагоит иҟалаз ахҭыс инамаданы.
Ажәабжьқәа зегьы
0