Аԥсны

Аԥсны ԥхыӡлеи лабҿабеи: Ольга Дубинскаиа лусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа

Ольга Дубинскаиа – акинорежиссиор, афотоҭыхыҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден занашьоу, Владислав Арӡынба изку афильм автор.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ольга Дубинскаиа лусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы жьҭаара 24 рзы.
Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа ируаӡәку актиор Кьасоу Ҳагба иҳәеит Дубинскаиа Аԥсны 2 000 рҟынӡа ҭыхымҭа шыҟалҵаз. Ацәыргақәҵахь инагоуп 70 фотоҭыхымҭа.
"Аԥсны, аԥсуаа, аԥсабара, аҟазауаа рахь лыбзиабара аарԥшра ҳҽазаҳшәеит", - иҳәеит иара.
Актиор игәалаиршәеит Дубинскаиа аибашьра ашьҭахь ишеиҿылкааз Аԥсуа драматә театр Болгариаҟа ацара, иналукааша афестивальқәа руак иалахәразы.
"Ҳара Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳәа зныз "41-тәи" атәылауаҩшәҟәқәа ҳаман. Гәдоуҭа иҳауит. Аӡәгьы изакә документыз изеилкаауамызт. Лара зегьы ирзеиҭалҳәон асеиԥш атәыла шыҟоу. Белоруссиа, Санкт-Петербург, Москва иреиӷьыз афестивальқәа ҳрылахәхартә иҟалҵеит. Аҳәаахьчаҩцәеи амилициауааи рҟны ҳаӡбахә шылҳәоз узеиҭаҳәом", - иҳәеит иара.
Дубинскаиа лыԥшәма, арежиссиор, асценарист Дмитри Минчионок иҳәеит Ольга "афырхацәа шфырхацәоу рыԥсы анҭоу ауп ианҳәатәу" ҳәа шылыԥхьаӡоз.
"Сара исҭахын лыблақәа рыла Аԥсны аарԥшра. Иахьа ара иҟоу зегьы фырхацәоуп. Уи аҳәара иахьӡатәуп. Олиа лцәыргақәҵагьы зызку уи ауп", - иҳәеит иара.
Раԥхьаӡа акәны Дубинскаиа Аԥсны даҭааит 1997 шықәсазы.
"Аԥхьа лара Аҟәа титануп ҳәа азылҳәон, нас ара инхо ауаа роуп ититанқәоу ҳәа илшьо далагеит. Ахьааи аилабгареи ракәӡамызт илбоз, илбоз иҳәаадаз абзиабара, агәырӷьара акәын", - иҳәоит Минчионок.
1 / 5

Аԥсны ԥхыӡлеи лабҿабеи: Ольга Дубинскаиа лусумҭақәа рцәыргақәҵа

2 / 5

Аԥсны ԥхыӡлеи лабҿабеи: Ольга Дубинскаиа лусумҭақәа рцәыргақәҵа

3 / 5

Аԥсны ԥхыӡлеи лабҿабеи: Ольга Дубинскаиа лусумҭақәа рцәыргақәҵа

4 / 5

Аԥсны ԥхыӡлеи лабҿабеи: Ольга Дубинскаиа лусумҭақәа рцәыргақәҵа

5 / 5

Аԥсны ԥхыӡлеи лабҿабеи: Ольга Дубинскаиа лусумҭақәа рцәыргақәҵа

Азал адиректор хада Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит лгәаанагарала, Ольга Дубинскаиа илылшеит "аԥсуаа ркультуратә код аилкаара".
Ольга Дубинскаиа – акинорежиссиор, афотоҭыхыҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден занашьоу, Владислав Арӡынба изку афильм "Страсти по Владиславу" автор. Аблокада аамҭазы Дубинскаиа илкьыԥхьит урыстәылатәи апрессаҿы 60 рҟынӡа ареспублика иазкны астатиақәа.
Ольга Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи Аԥсуа драматә театри Европеи Урыстәылеи рцара еиҿылкааит.
2012 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит. Геннади Аламиа лара илзикит ашәҟәы "Пронзенная светом".
Арадио
Ҳагба Ольга Дубинскаиа илызкны: иџьасшьоит лыԥсҭазаара абриаҟара Аԥсны иахьазылкыз