Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба Ольга Дубинскаиа илызкны: иџьасшьоит лыԥсҭазаара абриаҟара Аԥсны иахьазылкыз

© Sputnik Кясоу Хагба
Кясоу Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Актиор Кьасоу Ҳагба арежиссор, ажурналист, апродиусер, атеатртә критик Ольга Дубинскаиа дигәаларшәо арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит ишџьеишьо уи Аԥсныи аԥсуааи дшырзыҟаз. Жьҭаара 23 Ольга Дубинскаиа данииз амшуп.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҳагба Ольга Дубинскаиа илызкны

"Дыҟаҵәҟьаны лыԥсҭазаара зегьы аԥсуааи Аԥсныи абриаҟара ирзылкит, схаҭагьы иџьасшьоит уи. Лареи лҩызцәеи аибашьра ашьҭахь амацәаз ҳанҭакыз, ҳаӡбахә џьаргьы иуҳәар аныҟамлоз, Аԥсны аӡбахә есымчыбжьа аурыс ҭыжьымҭақәа рҟны ирымҳәар руомызт. Раԥхьа Аԥсны данааз, исгәалашәоит, лымацара ақалақь далан ҩымш. Аҩныҟа данааилак, ацәажәара лҭахымызт. Нас аспектакльқәа збар сҭахуп лҳәеит. Нас акәашарақәа лҳарбеит, ауаа драцәажәеит. Иџьоушьаратә иҟоуп амацәаз ҳанҭакыз Европаҟа ҳтеатр агастрольқәа ахьеиҿылкааз. Ларгьы лыԥшәма Дмитри Минчионокгьы шеигәырӷьоз аҳәаанырцә ҳашрыдыркылоз. Дубинскаиа лыԥсҭазаара зегьы Аԥсны иҟан, лыԥсгьы ара инлыжьит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.

Ажәабжьқәа зегьы
0