АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Урыстәыла Аусеилыргаратә усбарҭаҿы ирҳәеит Иркутск аҳаирплан акаҳара зыхҟьаз асамолиотныҟәцаҩцәа рыгхеи аҳаиртә техника аангылареи акәзар ҟалоит ҳәа. Абри атәы аҳәоит аусбарҭа аофициалтә Telegram-канал аҟны.
Аусҭҵаарақәа цоит, иахьатәи аамҭазы амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥаҿ агәаҭарақәа ирҿуп. Иҭырҵаауеит абылтәы, иазгәаҭоуп аусҭҵаара-амедицинатә експертиза, рҿахәы рҿырхит аҳаирнаплакы аусзуҩцәеи асамолиот зықәҳаз аҩны инхози.
Аҳаирплан Су-30 Иркутск аиланхарҭақәа рҿы игылаз ахатәы ҩны иақәҳаит амҽыша, жьҭаара 23 рзы. Аҳаирплан анкаҳаз аҩны аӡәгьы дыҟамызт, аха аԥырҩцәа рыҩџьагьы ҭахеит.