Аԥсны

Иԥсҭазаара далҵит аҭоурыхҭҵааҩ Ермолаи Аџьынџьал

Ермолаи Аџьынџьал - аҭоурыхҭҵааҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьан.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Аҭоурыхҭҵааҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран Ермолаи Аџьынџьал иԥсҭазаара далҵит 90 шықәса дшырҭагылаз.
"Ермолаи Аџьынџьал иԥсҭазаара иалҵра - цәыӡ дууп Аԥсны азгьы, хаҭала сара сызгьы. Иареи сареи ҳаиқәлацәамызт, аха иара зегьы иҽраҟареитәуан, зегьы иреиҳәашаз дақәшәон. Иара иажәа акраҵанакуан, пату ақәын", - иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.
Ермолаи Аџьынџьал аҭҵаарадырратә усура далагеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы, анаҩс уи Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы иациҵеит. Иара иҭҵаарадырра ахырхарҭақәа еиуеиԥшымызт ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
"Ермолаи археологиа аџьабаа ду адибалахьан, акыр аҭҵаамҭақәа дрылахәын. Амузеи аҟны аус аниуаз уи аҭоурых иазкыз ашәҟәы ҭижьит. Аибашьраан Аԥсуаҭҵааратә институти Аҳәынҭқарратә архиви анырблыз, иара уи акультуратә геноцид иазкыз аусумҭақәа рацәаны иҩит", - иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ.
Ермолаи Аџьынџьал - аҭоурыхҭҵааҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран.
Диит рашәара 28 1933 шықәса рзы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. Ԥақәашьтәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь, аррамаҵура дахысын, 1957 шықәса рзы дҭалоит А. М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аԥсуа-аурыс ҟәша.
Аинститут далгоит 1961 шықәса рзы. 1995 шықәса рзы аусура далагеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы аҭоурых аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩыс.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҩбатәи ааԥхьара адепутатс дыҟан.
Арадио
Аџьынџьал аԥсуа архив абылра иазкны: ҳахшыҩ, ҳдырра шаҳцәыргаз адунеи зегьы иарҳатәын
Аԥсуаҭҵаараҿы Ермолаи Аџьынџьал илагала дууп, ҷыдала иуҳәозар, ахыҵхырҭаҭҵаара аусхк аҿы иҟаиҵаз рацәоуп. Аџьынџьал икьыԥхьит жәларбжьаратәи азин азҵаарақәа ирызку астатиақәа.
Иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа инадыркны иара амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла иалахәыз дреиуан.
Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.