Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьынџьал аԥсуа архив абылра иазкны: ҳахшыҩ, ҳдырра шаҳцәыргаз адунеи зегьы иарҳатәын

© Sputnik / Томас ТхайцукЕрмолай Аджинджал
Ермолай Аджинджал  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Ермолаи Аџьынџьал арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ақырҭцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә архив анаҩсан, аԥсуаҭҵааратә институт, аԥсуа театр, аҳәынҭқарратә музеи рбылра шырҭахыз.
Аџьынџьал аԥсуа архив абылра иазкны: ҳахшыҩ, ҳдырра зегьы ҳцәыргеит

Жьҭаарамза 22 1992 шықәса рзы, Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы иблын Аԥсны аҳәынҭқарратә архив. 

"Аиашазы, архив змам аҳәынҭқарра - атәылауаҩшәҟәы змам ауаҩы даҩызоуп, иуҳәозар - ажәлар атәылауаҩшәҟәыс ирымоу рархив ауп. Исгәалашәоит, суада адинҭҵаара иазкыз аматериалқәа рыла иҭәын, уи зегьы блит, уажәы акымзарак ыҟаӡам. Абри азы ақырҭцәа жәларбжьаратәи аӡбарҭа иаҭазар акәын, избанзар ауаа идҳарбар, идҳардырыр акәын иаҳзыруз, - ари иаанаго ҳахшыҩ, ҳдырра ҳамхра ауп. Ишаҳдыруа ала, ақырҭцәа ирҭахын аԥсуаҭҵааратә институт, аԥсуа театр, аҳәынҭқарратә музеи рблыр, аха дара аиааира шыргоз агәра ганы иҟан азы иаламкьысит", -  иҳәеит Аџьынџьал.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0