Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу далацәажәеит Киев "абомба ҟьашь" ахархәара

РИА Новости ахыҵхырҭақәа адырра ҟарҵеит "абомба ҟьышь" аус адулара ахыркәшарахь инеит, аиадертә бџьар ахәҭақәа Британиантәи Киев иаиузар ҟалоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шойгу далацәажәеит Киеви иара адгылаҩцәеи "абомба ҟьашь" рхы иадырхәар шалшо атәы. Абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Жьҭаара 23 рзы Сергеи Шоигу британиатәи аминистр Бен Уоллеси, ҭырқәтәылатәи аминистр Хулус Акари, франциатәи аминистр Себастиан Лекорниуи ҭелла драцәажәеит.
Шоигуи иколлегацәеи иареи "ԥхьаҟа хылаԥшра зҭара уадаҩхар алшо украинатәи аҭагылазаашьа" иалацәажәеит.
"Абомба ҟьышь" – ари зымчра лаҟәу иадертә џьаԥҳануп, арадиоактивтә изотопқәа зҭоу аконтеинери итҟәацуа амаҭәашьар ахгәыцәи рыла еибыҭоуп.
Аԥжәараан мҽхакыҭбаала арадиациа алаҵәар ҟалоит. Уаанӡа адырра ыҟан Киев ари абомба ахархәарала Украина апровакациа амҩаԥгара агәҭакуп ҳәа, анаҩс уи Урыстәыла иахаранаҵарц азы.