Аԥсны

Аԥсуа драматә театр афестиваль "Кавказский меловой круг" иалахәхоит

Афестиваль иалахәхоит Кавказ ареспубликақәеи Краснодартәи атәылаҿацәи ртеатрқәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25- Sputnik. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр VII арегионалбжьаратә атеатртә фестиваль "Кавказский меловой круг" иалахәхоит. Абри атәы аарыцҳауеит атеатр анапхгара.
Аԥсуа театр абзиабаҩцәа ирыдгалахоит ҟабардатәи адраматург Зарина Кануков лпиеса иалхны Мадина Аргәынԥҳа иқәлыргылаз аспектакль "Сариа". Аспектакль аҿы еиҭаҳәоуп Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс ллахьынҵа.
Акультуратә уснагӡатә мҩаԥысуеит жьҭаара 24 -29 рзы Маиҟәаԥ ақалақь аҿы.
Иара убасгьы афестиваль иалахәхоит Адыгеиатәи амилаҭтә театр, Омарлы Батыраи ихьӡ зху Даргинтәи амузыка-драматә театр, Али Шогенцуков ихьӡ зху Ҟабардатәи адраматә театр, Максим Горьки ихьӡ зху Краснодартәи академитә театр, Абазтәи адраматә театр, Мухарбек Аков ихьӡ зху Черкессктәи адраматә театр.
Аԥсны
Аспектакль ҿыц "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҟны