Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аспектакль ҿыц "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҟны

© Sputnik / Томас Тхайцук Предпремьерный показх спектакля Сария в драмтеатре
Предпремьерный показх спектакля Сария в драмтеатре - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр иазнархиеит адраматург, апоетесса Зарина Ҟаныҟәа лысценари ала аспектакль "Сариа". Ахәаԥшцәа адырбаразы аспектакль азԥхьагәаҭан иҳаҩсыз ашықәсазы, аха аепедиамелогиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны иахыган.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Ҩаԥхьа атеатр ахәаԥшцәа еизнагеит
Акультура абзиабаҩцәа акраамҭа иззыԥшыз ахҭыс ҟалеит, Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр ашәқәа ҩаԥхьа иаанартит. Атеатр аусура хацныркит Нестор Лакоба иарӷьажәҩаны ивагылаз, адгылара изҭоз иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба илызку аҭоурыхтә спектакль "Сариа" ала.
Аспектакль "Сариа" асценари авторс дамоуп аҟабарда поетесса, адраматург Зарина Ҟаныҟәа, апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит апоетесса Инна Ҳаџьымԥҳа, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, асценограф асахьаҭыхыҩ Нодар Ҵәыџьба.
Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Аԥсуа театр аспектакль "Сариа" ахәаԥшцәа ишыднарбо азы алаҳәара ҟанаҵеит
Шықәсык иназынаԥшуа аспектакль аҽазыҟаҵарақәа цон, уажәы-уашьҭан аԥхьарбара иазыхиан, аха атәылаҟны иҟаз аԥкрақәа инарықәаршәаны иахыго иааргон.
Аԥсуа драматә театр аиҳабы Алхас Ҷолокәуа арадио Sputnik аефир аинтервиу аҭо иҳәахьан:
"Ари ахҭыс, ҳәарада, сеигәырӷьоит Аԥсуа театр абзиабаҩцәа зегь реиԥш. Аԥкрақәа рышьҭахь ашәқәа аатуеит Аԥснытәи атеатр хада. Аспектакль идҳарбо асахьаркыратә ҩаӡара салацәажәаӡом, уи ахәаԥшҩы алкаақәа азыҟаиҵап. Ара сусураҟны раԥхьатәи аԥхьарба ауп, убри аҟынтәи лымкаала агәыхыҭхыҭра сзацуп", - ҳәа.
Аԥхьарбара аамҭа ааигәахо иалагеит, ахәаԥшцәа гәыԥ-гәыԥла рҽеизакны рҭыԥқәа аанкыланы итәон.
Аспектакль иалагеит
Ицәоит алашарбагақәа, азал иҩныҩуеит харантә иааиуа амузыкабжь, ҿыҭбжьы гом, ахәаԥшцәа иҟаларызеишь ҳәа иӡырҩуеит. Ус асценахь дцәырҵуеит маҭәа шкәакәала еилаҳәоу аиҭаҳәаҩ. Уи лыхәмаршьеи, асценаҟынтә иааиуаз леилҟьареи, лыццакреи ухәы-ужьы еиланыргылон, убас игәыҭшьааганы дыхәмаруан. Уи ароль налыгӡон актриса Хьыбла Мықәԥҳа.
Предпремьерный показх спектакля Сария в драмтеатре - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Аԥсны
Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи аспектакль
Арежиссиор-ақәыргылаҩ Мадина Аргәынԥҳа илылшеит ахәаԥшцәа ирнырыртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара. Ароль хада налыгӡон С.А.Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинемотографиатә институт арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Наҷҟьебиаԥҳа. Актриса илылшеит ажәлар рыгәрагаҩы, Аԥсны аҭоурых аҟны иналукааша Аҳәынҭқарратә усзуҩы Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс, иарбан усзаалак аҟны ивагылаз, иҳаракӡоу ацәаныррақәа реиқәырхаҩ, аҵыхәтәанынӡа зыԥшәма дзымҭииз Сариа Лакоба лхаҿсахьа аарԥшра. Сариа лгәаҟра, лгәамҵра, абахҭа хьшәшәаҟны аџьамыӷәа илхылгоз, лхәыҷы иразҟы ахьҵәыуара уҳәа игәыҭшьааганы ахәмарра лылшеит.
Ахәаԥшцәа рҿаԥшылара еиԥшымызт: аӡәы илабжыш изынкыломызт, аӡәы ихатәы хәыцра дамҽхакны даман, ажәакала аспектакль иаҵаз ахьааи, агәырҩеи, ҳаԥсадгьыл иахнагаз аџьамыӷәа цәгьа унмырырц залшомызт.
Аспектакль ахыркәшарахь инеит
Сааҭк иниҳаны ицоз аспектакль ахыркәшамҭахь инеит, асценахь ицәырҵит актиорцәа дрыгәҭылак арежиссиор-ақәыргылаҩ. Еихсыӷьуамызт анапеинҟьабжьқәа, ахәаԥшцәа гәахәарыла ишрыдыркылаз ҩашьомызт.
Арежиссиор-ақәыргылаҩ Мадина Аргәынԥҳа аспектакль аҟны иаалырԥшит ахәаԥшцәа инарҵаулан ҳҭоурых иагәылаԥшыртә.
"Сыззыԥшыз еиҳа акырынтә еиҳаны инарыгӡеит ҳәа сгәы иаанагоит актиорцәа. Доусы ихатә знеишьа азыԥшааны, ицәанырра ӷәӷәа аҵаҵаны, иԥсы азышьҭны ироль наигӡеит. Ҭакԥхықәра дулла иазнеит аспектакль иалахәыз зегьы: актиорцәа, амонтажҟаҵаҩцәа, абжьы ахазҵоз, алашара аузыжьуаз. Аӡәк еиԥш ҳаидгыланы инаҳагӡеит шықәсык аахыс аџьабаа здаҳбалоз аспекакль, агәыӷра сымоуп ахәаԥшцәа ргәаҵанӡа инеит ҳәа", - аспектакль ашьҭахь лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит арежиссиор-ақәыргылаҩ Мадина Аргәынԥҳа.
Аспектакль аҟны Нестор Лакоба иан лроль налыгӡеит актриса Ирина Коӷониаԥҳа. Лара лылабжышқәа лызнымкыло илҳәеит, асценаҟны дыхәмаруанаҵы аԥсуа жәлар иҳаҳҭысыз агәырҩеи ахьааи шылнырыз атәы, насгьы иазгәалҭеит ари ароль зегь раасҭа ишыхьанҭаз лара лзыҳәаны:
"Аԥсуаа ҳҭоурых дуӡӡа атәы зҳәо аспектакль гәыҭшьаагоуп, уи ахәмарра акырӡа иуадаҩуп, игәаӷьыуацәоуп. Сроль анагӡара даара сацәшәон, аха арежиссиор амҩа сықәылҵеит, уи иҳалҭаз ахықәкы наҳагӡеит ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа лҳәеит Ирина Коӷониаԥҳа.
Аџьамыӷәа зхызгаз: аспектакль Сариа апресс-рбара шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Аԥсны
Аџьамыӷәа зхызгаз: аспектакль "Сариа" апресс-рбара шымҩаԥысыз
Ахәаԥшҩы Ҳамида Гәымԥҳа дызхәаԥшыз аспектакль атәы дазааҭгыло илҳәеит:
"Аҭоурых ахь ухьазырԥшуа, аԥсуа жәлар иаҳхаҳгахьоу арыцҳарақәа еиҭахгьы иаҳгәалазыршәаз, уи хамшҭра зықәны иахьа уажәраанӡа иҭамбаӡо лаӷырӡышны иаанханы ишыҟоу ҳаилнаркааит ари аспектакль. Сылабжышқәа сзаанкыломызт, сгәы ԥшаауан аспектакль ахы инаркны аҵыхәанҵа", - ҳәа лҳәеит лара.
1936 шықәсазы Аԥсны Жәлар ркомиссарцәа рхеилак (Совнарком) ахантәаҩы Нестор Лакоба иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит, Лавренти Бериеи иареи реимак ашьҭахь. Аҵарауаа аӡәырҩы изларԥхьаӡо ала, Нестор Лакоба ашҳам иҭан дшьын Бериа иҩны уаххьафараан. Аамҭақәак рышьҭахь Лакоба "ажәлар раӷа" ҳәа ахьӡ ихырҵеит. 1937 шықәса рзы дҭаркит иара иԥшәма Сариа. Абахҭаҿы лара аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит. Гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан, аха лара акы дацәымшәакәа уи мап ацәылкуан.
Вручение дипломов победителям конкурса Лучший художнк года - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Аԥсны
Аԥсны акультура аусбарҭақәеи аспорттә обиектқәеи русуразы азин ҟаҵоуп
Сариа Лакоба 35 шықәса роуп инылҵыз. Лара лыԥсҭазаара далҵит Қарҭ Орточалтәи абахҭаҿы дахьдыргәаҟуази насгьы илыхьыз ашыӡи ирыхҟьаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0