АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп абҵара 3 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.
"Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп абҵара 3 рҟынӡа", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥаны аус шыруц ируеит.