Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рыҟны аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцҵоуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпоттинг в аэропорту Внуково
Споттинг в аэропорту Внуково  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла агәи аладатәи ахәҭақәеи рҳаирбаӷәазақәа русура аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 раахыс.
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп абҵара 3 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.
"Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп абҵара 3 рҟынӡа", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥаны аус шыруц ируеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0