Аԥсны

Аԥсны аҭаҭын аӡыргара азин ҟалом

"Аӡыргараз" азакәан аҵыхәтәантәи аиҭакрақәа алагалан 2016 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала "Аӡыргараз" азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аиҭакрақәа инарықәыршәаны Аԥсны аҭаҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵи рӡыргара азин ҟалом.
Аӡыргара ҟалом аҭаҭынахагақәа - асигареттә қьаад, аҭыҭыныжәга, акалиан реиԥш иҟоу ахархәагақәа.
Азакәан аилагаразы ахараԥса аилагара иаҿырԥшхоит.

"Ари аԥҟара аус адулоуп аҭаҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵи рганахь ала азакәанԥҵараҿ аԥсыҽрақәа раԥыхразы, аиҳаракгьы аҭыҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵи ҭзыжьуа ахәаахәҭратә маркақәа рӡыргарақәа", - аҳәоит аилыркаагатә шәҟәаҿы.

Аԥсахрақәа иалагалахо аҭаҭынахара аларҵәара иаҿагыло хархәагахоит.
Уи адагьы ариашарақәа инарықәыршәаны адәныҟатәи аӡыргарақәеи аӡыргаратә шьаҟақәеи рыргыларақәа рзы иаԥҵоу аԥҟарақәа ԥсахәуп.
Иара убасгьы аӡыргаратә шьаҟақәа ахьгыло ауаажәларратә шәарҭадара иаԥырхагазар ма атәылауаа рзы иманшәаламзар урҭ рыргылара азин рыҭахом.