https://sputnik-abkhazia.info/20221027/asny-aayn-ayrgara-azin-alom-1042267600.html
Аԥсны аҭаҭын аӡыргара азин ҟалом
Аԥсны аҭаҭын аӡыргара азин ҟалом
Sputnik Аҧсны
"Аӡыргараз" азакәан аҵыхәтәантәи аиҭакрақәа алагалан 2016 шықәсазы. 27.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-27T16:50+0300
2022-10-27T16:50+0300
2022-10-27T16:50+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/19/1032697754_0:0:2600:1463_1920x0_80_0_0_025d979a2d274edb7dcfee4168613c8d.jpg
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала "Аӡыргараз" азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.Аиҭакрақәа инарықәыршәаны Аԥсны аҭаҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵи рӡыргара азин ҟалом.Аӡыргара ҟалом аҭаҭынахагақәа - асигареттә қьаад, аҭыҭыныжәга, акалиан реиԥш иҟоу ахархәагақәа.Азакәан аилагаразы ахараԥса аилагара иаҿырԥшхоит.Аԥсахрақәа иалагалахо аҭаҭынахара аларҵәара иаҿагыло хархәагахоит.Уи адагьы ариашарақәа инарықәыршәаны адәныҟатәи аӡыргарақәеи аӡыргаратә шьаҟақәеи рыргыларақәа рзы иаԥҵоу аԥҟарақәа ԥсахәуп.Иара убасгьы аӡыргаратә шьаҟақәа ахьгыло ауаажәларратә шәарҭадара иаԥырхагазар ма атәылауаа рзы иманшәаламзар урҭ рыргылара азин рыҭахом.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/19/1032697754_289:0:2600:1733_1920x0_80_0_0_bb9807424f9548258fdd78075afa846e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны аҭаҭын аӡыргара азин ҟалом
"Аӡыргараз" азакәан аҵыхәтәантәи аиҭакрақәа алагалан 2016 шықәсазы.
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала "Аӡыргараз" азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аиҭакрақәа инарықәыршәаны Аԥсны аҭаҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵи рӡыргара азин ҟалом.
Аӡыргара ҟалом аҭаҭынахагақәа - асигареттә қьаад, аҭыҭыныжәга, акалиан реиԥш иҟоу ахархәагақәа.
Азакәан аилагаразы ахараԥса аилагара иаҿырԥшхоит.
"Ари аԥҟара аус адулоуп аҭаҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵи рганахь ала азакәанԥҵараҿ аԥсыҽрақәа раԥыхразы, аиҳаракгьы аҭыҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵи ҭзыжьуа ахәаахәҭратә маркақәа рӡыргарақәа", - аҳәоит аилыркаагатә шәҟәаҿы.
Аԥсахрақәа иалагалахо аҭаҭынахара аларҵәара иаҿагыло хархәагахоит.
Уи адагьы ариашарақәа инарықәыршәаны адәныҟатәи аӡыргарақәеи аӡыргаратә шьаҟақәеи рыргыларақәа рзы иаԥҵоу аԥҟарақәа ԥсахәуп.
Иара убасгьы аӡыргаратә шьаҟақәа ахьгыло ауаажәларратә шәарҭадара иаԥырхагазар ма атәылауаа рзы иманшәаламзар урҭ рыргылара азин рыҭахом.