Аԥсны

Аԥсны атәылахьчара аминистрра абиуџьет 2022 шықәсазы 100 миллионк ацҵоуп

Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала "2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит жьҭаара 27 азтәи реилатәараҟны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра абиуџьет 2022 шықәсазы 100 миллионк ацҵоуп, иаадкыланы 556,5 млн м ыҟоуп. Абри азы адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала "2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.
Аԥсны Апарламент "2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" Азакәан аԥсахрақәа аланагалеит ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Аԥсны
"2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" Аԥсны азакәан аԥсахрақәа алагалоуп