Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" Аԥсны азакәан аԥсахрақәа алагалоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Подпись документов
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент "2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" Азакәан аԥсахрақәа аланагалеит ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны 2022 шықәсазтәи алагалақәа 12 150 159,7 н.м., аныхрақәа - 13 655 193,2 н.м. ыҟоуп.
Абиуџьет адефицит - 1 505 033,5 н.м.
Ареспубликатә биуџьет азеԥш лагалақәа 2022 шықәсазы 9 763 649,9 н.м.ҳәа ишьақәырӷәӷәан (Урыстәылатәи афинанстә цхыраара - 4 158 187,9 н.м.).
2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьет аинвистициақәа ирзырхоуп 1 350 000,0 н.м. 2022-2025 шықәсазы аекономикеи асоциал-економикатә программа адгылареи ирзоужьуп - 200 000,0 н.м.
Апарламентарицәа ишьақәдырӷәӷәеит ареспубликатә биуџьет 2022 шықәсазтәи ахышәаҵышәа 10 995 626,4 н.м. ҳәа.
Мелочи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Аԥсны
2022 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа абиуџьет иаланагалеит 3 млрд мааҭ инарзынаԥшуа ашәахтәқәа
Ареспубликатә биуџьет адефицит 2022 шықәсазы 1 231 976,5 н.м. ҳәа иԥхьаӡоуп. Убри аан акредитқәа рзы ареспубликатә ҩнуҵҟатә уал хыхьтәи аҩаӡара 552 000,0 тн.м ыҟоуп.
Аиҭакрақәа рҳәаа иҭагӡаны ишьақәырӷәӷәоуп ареспубликатә ҩнуҵҟатә ԥсахрақәа рыпрограмма 552 000,0 н.м. ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0