Аԥсны

Ацитрустә сезон аламҭалаз аԥсуа-аурыс ҳәааҿы анҭыҵтә еилацәажәара мҩаԥган

Бжьаратәла аурыс-аԥсуа ҳәаа уахыки-ҽнаки рыла 500 ак аидарамҩангагақәа ахысуеит, иҟоу алшарақәа 150 хархәага ишеиҳамгьы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы ацитрустә сезон аламҭалаз анҭыҵтә еилацәажәара мҩаԥган, абри атәы аанацҳауеит Аекономика аминистрра апресс-маҵзура.
Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, АШәМ, АҲЕ, Аҳәынҭстандарт, акарантин азы Аҳәынҭинспекциа рхаҭарнакцәа.
Аԥсны
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәаахьчаратә ҭыԥ аҿы аҽа ҩ-цәаҳәак аусура иалагоит
Аилацәажәара иахықәкын амаҵзурақәа русура аишьаршәалара, аҳәаа иахысуа ҳтәылауаа рҭагылазаашьа арманшәалара.

"Аусура аиҿкаара ҳхықәкқәа ируакуп, ақыҭауаа раалыҵ ахыганы аҭиразы ирманшәалатәуп, ҳара ҳганахьала аԥынгылақәа аԥаҳхуеит", - иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Аилацәажәараҿы аӡбара рыдыркылеит аҳәааҿы акарантинтә сертификатқәа ақыҭанхамҩа аалыҵ азы еихшахарц – ашьаҟауаа, амашьына ласқәа рырныҟәаҩцәа, аидарамҩангагақәа рырныҟәаҩцәа ҳәа.
Уаанӡа зегьы гәаранк еицықәгылан, раамҭагь агон. Акарантин азы Аҳәынҭинспекциа ахада Аркади Џьынџьал иажәақәа рыла, асертификат аиҿкаара минуҭки бжаки ауп иаҭаху.
Аԥсны
Жәымз рыҩнуҵҟатәи Аԥсны атауареикәыршара 28,7 млрд мааҭ итәоит
Хара имгакәа атранспорт хархәагақәа рыргыларҭақәеи амаҵзурақәа рыҟазаарҭа ҭыԥқәеи рызҵаарақәа ӡбахоит.
Кристина Озган ишылҳәо ала, аҳәааҟны иҟоу иахьатәи аҭагылазаашьа уаанӡатәи иузаҿырԥшуам, акырӡа аҽаԥсахит, аҳәынҭқарратә ҳәаа аусушьа иҟоу аҭахрақәа ирықәшәозароуп лҳәеит лара.