Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Херсони Николаевтәи аобластқәа рҿы УАМ аруаа ржәыларақәа аанкылоуп

Уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи аруаа ирылдыршеит УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ԥшьба, 62 артиллериатә ҟәшеиҵа, 186 раион рҿы аруааи атехникеи рҭархара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Херсони Николаевтәи аобластқәа рҿы УАМ аруаа ржәыларақәа урыстәылатәи аруаа иааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"УАМ атактикатә гәыԥқәа рротақәа ҩба урыстәылатәи аруаа ирыжәлеит Херсонтәи аобласт Малаиа Александровка араиони Николаевтәи аобласт Терновые Поды рааигәара. Аӷа ижәылара мцаԥшьла еиԥҟьан. УАМ аруаа шьҭахьҟа иԥхьацан", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Иҭархоуп 60-ҩык аӷа ируаа, акәылӡмашьынақәа 6, автомашьынақәа 7.
Уи адагьы ажәылара аанкылоуп ЛЖәР Червонопоповка ааигәара.
Купиантәи ахырхарҭаҟны УАМ аротатә тактикатә гәыԥқәа ҩба Харковтәи аобласт аиланхарҭақәа Николаевкеи Орлианкеи рҿы ижәылеит, аха урҭгьы қәҿиарала иԥхьацан.