Аԥсны

Жәымз рыҩнуҵҟатәи Аԥсны атауареикәыршара 28,7 млрд мааҭ итәоит

2021 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара иартәеит 27 млрд мааҭ, ари 37% рыла 2020 шықәсазтәи арбага еиҳан.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. 2022 шықәса жәымз рыҩнуҵҟатәи Аԥсны атауареикәыршара 28,7 млрд мааҭ итәоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳазалхартә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа
"Сынтәа жәымз рыҩнуҵҟатәи Аԥсны атауареикәыршара 28,7 млрд мааҭ итәоит. Урҭ рҟынтәи 24 млрд мааҭ - импортуп, 4млрд мааҭ - експортуп", - иҳәеит Лабахәуа.
Аимпорт азы аԥыжәара амоуп афатәаалыҵ (6 млрд мааҭ). анаҩс – абылтәы (3 млрд мааҭ).
Аекспорт азы аԥыжәара амоуп арыжәтә аалыҵ - 1,6 миллиард мааҭ, анаҩс инеиуеит аԥсыӡи абеи раалыҵ.
Лабахәуа иара убасгьы иҳәеит иахьазы ареспублика аҵакырала атранзит амҩасра шмаҷу.
Аԥсны
Аҳазалхратә еилакы сынтәа Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагаларазы 20-ҩык ныркылахьеит
"Уажәы Ҭырқәтәылантә Урыстәылаҟа аидарақәа рымҩангараз агәаҭаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит", - иҳәеит иара.
Ҭырқәтәылантәи Урыстәылаҟа ииарго атауарқәа иреиуоуп аӡри еиқәыҵәыҵә, ацемент, аргылара маҭәахәқәа уҳәа егьырҭгьы, иҳәеит Лабахәуа.