Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳазалхратә еилакы сынтәа Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагаларазы 20-ҩык ныркылахьеит

© Foto / пресс-служба Сочинской таможниНа российско-абхазской границе задержана женщина, которая пыталась провезти наркотики в Абхазию
На российско-абхазской границе задержана женщина, которая пыталась провезти наркотики в Абхазию - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Анапаҵаҩра
Ареспубликахь иара убасгьы рҽазыршәоит закәаншьаҭада акриптовалиута аиураз аппаратқәа, аҭыҭын аалыҵқәа, ақырҭбызшәала аҩыра зну аалыҵқәа раагара.
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аҳазалхратә еилакы сынтәа Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагаларазы 20-ҩык ныркылахьеит, аилагарақәа раарԥшраз арҭ арбагақәа лҵшәа бзиоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
Иара иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы аҳазалхратә ԥҟарақәа раарԥшра аус рӷәӷәан. Убас, 2022 шықәсазы жәымз рыҩнуҵҟа азинеилагарақәа рзы 204 ус хацыркуп, 2021 шықәсазы – 92 ус.
Иреиҳау рбаганы Лабахәуа рыӡбахә иҳәеит анаркотикатә маҭәашьарқәа ареспубликахь ралагалараз ихацыркыз 20 ус.
Ари алыршахеит анапхгареи, Аилак ахь инеиз азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аԥышәа змоу аусзуҩцәа ҿыцқәеи ҳәа азгәеиҭеит Лабахәуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0