АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара 2023 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит жьҭаара 28 азы имҩаԥысыз аилатәараҟны.
1992-1993 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рфонд абиуџьет алагалатә хәҭеи аныхратә хәҭеи 199 миллиони 616 нызқьмааҭ ҳәа иазыԥхьагәаҭоуп.
Атәанчахәытә фонд абиуџьет алагалатәи аныхратәи хәҭа миллиардки 480 миллиони 308 нызқьмааҭ ыҟоуп.
Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсатә фонд абиуџьет алагалатә хәҭеи аныхратә хәҭеи 59 миллиони 608 нызқьмааҭ ыҟоуп.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы афонд абиуџьет 2023 шықәсазы 239 миллиони 850 нызқьмааҭ ыҟоуп.
Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд абиуџьет 163 миллиони 902 нызқьмааҭ ыҟоуп.
Амҩатә фонд абиуџьет алагалатәи аныхратәи хәҭа- 110 миллион мааҭ.