Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны афинансқәа рминистр 2023 шықәсазтәи абиуџьет алагалақәеи аныхрақәеи дрылацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Подпись документов
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет алагалақәа 12,5 миллиард ыҟоуп, аныхрақәа 14,2 миллиард, адефицит – 1,7 миллиард.
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазтәи абиуџьет алагалақәеи аныхрақәеи рыхәҭаҷ хадақәа еиқәиԥхьаӡеит.
"Ҳәарада, алагалақәа ираԥхьагылоуп ареспублика аҩнуҵҟа ирҭиуа атауарқәа реиԥш ареспублика иалган ирго атауарқәагьы рыхәԥсацҵазы ашәахтә. Ҳәара аҭахәма, ахашәалахәытә шәахтә, аҳәынҭқарратә баџь, ақьар шәахтә. Ари шаҳаҭра ауеит ишәахтәшәаҩцәаны иҟоу аилахәырақәа, ахатәхаҿқәа рллагалатә база аҩаӡара шеиҳахо", - иҳәеит аминистр.
Ашәарақәа реизҳара иаанарԥшуеит ареспублика ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аусура еиҳа хра шаиуз ҳәа иҳәеит Делба.
Аминистр иажәақәа рыла, аныхрақәа ракәзар, аҭыԥантәи абиуџьетқәеи аҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәеи еишьашәалазарц азы урҭ рыцхырааразы инашьҭхоит 1,6 миллиард мааҭ.
"Иазгәасҭар сҭахуп, иҟоу азеиԥш хышәаҵышәа 1,7 миллиард мааҭ аҟынтәи 1,6 миллиард мааҭ аҵакырақәа рыцхыраара иазынашьҭхоит. Ари иаанаго ареспубликатә биуџьет аҵакырақәа дефицитны иаанымхарц азы ахахьы иагоит ари ахьанҭара", - иҳәеит Владимир Делба.
Пермская печатная фабрика АО Гознак - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет рыдыркылеит
Иара убасгьы иҳәеит 2023 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара афинанстә цхырааразы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа, асоциалтә усхк аусзуҩцәа, аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа рматериал-техникатә еиқәыршәареи рулафахәы ашьҭыхреи рзы аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара иацҵахоит ҳәа.
"2023 шықәсазы арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 1,5 миллиард мааҭ инеиҳаны. Ареспубликатә биуџьет аныхрақәа рҟны иазыԥхьагәаҭоуп 779 миллион мааҭ иаԥсоу 16 усбарҭа-хықәкытә программа рынагӡара. Арахь иаҵанакуеит–амҩақәа рҿы афото-авидео гәаҭарақәа рсистема (40 миллион мааҭ), ақыҭанхамҩа аҿиара (100 миллион мааҭ), абиуџьеттә ҭаҩра амодернизациа (90 миллион)", - иҳәеит афинансқәа рминистр.
Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыцхырааразы иазоужьхоит 50 миллион мааҭ, агәабзиарахьчара аминистрра асистема иазоужьхоит 384 миллион мааҭ.
Здание репатриации   - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Ҳџьынџьуаа ркатегориақәак рынхарҭа ҭыԥқәа рзы аԥарашәараҟынтә рхы иақәиҭыртәит
"Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, ииасыз ашықәсқәеи уажәтәи аамҭеи ишаҳдырбаз ала ахәшәқәа, амедицинатә хархәагақәа, амедицинатә ныхгақәа раахәараз еиҳаны аԥара шырзоужьтәу. Рыхә иацлеит ҳуааԥсыра аҳәаа анҭыҵ рыхәшәтәрагьы, апрограмма "Агәабзиарахьчара асистема кадырла аиқәыршәара" аиҿкаарагьы", - иҳәеит Делба.
Аинформациатә ресурсқәа иаку рбаза асистема аԥҵара иазоужьуп 50 миллион мааҭ, аҳәынҭқарратә бызшәала АИХқәа рҿы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура аларҵәара– 4,2 миллион мааҭ.
"2023 шықәсазы уи адагьы иазыԥхьагәаҭоуп аҵара, акультура, аспорт, аҿартә политика русхкқәа ирзоужьызарц 129 миллион мааҭ", - иҳәеит иара.
Младенец  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Аԥсны ахәыҷы ииразы зныктәи ашәарақәа ирыцырҵоит
1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа ирзоужьхоит 150 миллион мааҭ.
"Аҟәа, Наӡаӡе лымҩа аҩнеихагыла №3 ауааԥсыра реихшара иазоужьуп 350 миллион мааҭ", - иҳәеит аминистр.
Аиҳабыра рышьақәырӷәӷәарала аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәны ишьо ахыбрақәа ирзоужьхоит 250 миллион мааҭ, аполимертә шәырқәа рзауад аргылараан ахарџьқәа рхарҭәаара иазоужьхоит 56 миллион мааҭ.
Афымца усхк ацхыраара иазоужьхоит 150 миллион мааҭ.
2023 шықәсазы Атәыла ахда Ирезервтә фонд 400 миллион ыҟазаауеит, Аиҳабыра- 200 миллион мааҭ. Аинвестициатә программақәа рынагӡара 1,2 миллиард мааҭ азгәаҭоуп.
Вид на сухумскую бухту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра "Анхарҭа-2022" апрограмма аԥаразоужьра иацнаҵеит
Жьҭаара 28 рзы Аԥсны аиҳабыра реилатәараҟны 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет рыдыркылеит.
Аԥсны ареспубликатә биуџьет 2023 шықәсазы алагалақәа рыла 9,6 миллиард мааҭ ҟалоит, урыстәылатәи ацхыраара 3,7 миллиард мааҭ дыртәоит.
Аԥсны азеиԥш ҳәынҭқарратә биуџьет 2023 шықәсазы алагалақәа рыла 12, 5 миллиард мааҭ ҟалоит, аныхрақәа 14,2 миллиард мааҭ дыртәоит, адефицит - 1,7 миллиард мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0