Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа Херсонтәи аобласт аҿы украинатәи авертолиот карыжьит

Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа РСЗО "HIMARS", "Ураган" рыхгәыцәқәа фба карыжьит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Херсонтәи аобласт аҿы украинатәи авертолиот Ми-8 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Херсонтәи аобласт аиланхарҭа Новаиа Каменка аҿы украинатәи авертолиот Ми-8 карыжьит, иаанкылоуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хԥа аиланхарҭақәа Никольскоеи Берислави рҿы", - аҳәоит Атәылахьчара аминистрра адырраҭара.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ ар ргәыԥ урыстәылатәи агыларҭақәа ирыжәлеит Харьковтәи аобласт аиланхарҭа Берестовое ааигәара, аха шьҭахьҟа иԥхьацан. Иҭархоуп 150-ҩык украинатәи аруаа, танк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, апикапқәа жәба.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 50-ҩык украинатәи аруаа, ҩ-танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, акәылӡытранспортиорқәа хԥа, апикапқәа хԥа, автомашьынқәа ҩба.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ атактикатә гәыԥ ДЖәР Времевки араион аҿы урыстәылатәи аруаа ирыжәлеи, аха шьҭахьҟа иԥхьацан. Иҭархан 30-ҩык аибашьцәа, танк, акәылӡмашьынақәа ҩба, пикапк.
Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы артиллериала украинатәи ар резерв ржәылара аԥырҟәҟәаан. Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 180-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа ааба, 6 автомашьынак.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Херсони Николаевтәи аобластқәа рҿы УАМ аруаа ржәыларақәа аанкылоуп
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа УАМ анапхгараҭарҭақәа, 74 артиллериатә еиҵаҟәша, арратә техника, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәба ааха рырҭеит.
Арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп: 326 ҳаирплан, 164 вертолиот, 2 356 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 383 зенит-ракетатә комплекс, 6130 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 876 ареактив-систематә машьынақәа, 3 532 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 6 823 ак аибашьыга автомобилтә техника.