Аԥсны

Аԥсны аиҳабыра ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥара ззоужьу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит

Ареспубликатәи абиуџьет аҟынтәи аԥара амузеиқәеи акультуратә усҳәарҭақәеи реиҭашьақәыргыларазы, иара убас аинфраструктуратә хыбрақәа рыргылара иазоужьуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи, Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрбеи, "Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанбеи ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥара ззоужьу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аиҳабыра апресс-маҵзура.
2022 шықәсазы Аԥсны ахы-аҵыхәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи иаҿуп 87 хыбра. Ауснагӡатәқәа ирзоужьуп 394,1 миллион мааҭ, урҭ рахьтә 240 миллион рыхә аԥарашәарақәа мҩаԥыргахьеит.
Асиаҟны ихадаратәқәоу ахыбрақәа ҳәа иарбоуп - Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи, Нестор Лакоба иҩны-амузеи, Гәлиа иҩны-амузеи, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, Аԥсны жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль ахыбра, абжьаратә школқәа, пицундатәи ахәыҷбаҳча, Очамчыра араион аҟны амедицинатә пунктқәа уҳәа убас ирацәаны.
Иара убас аусурақәа ҳәа иарбоуп аӡымҩангара ашьақәыргылара, аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рырҿыцра, ақыҭақәа рҟны адгьыл кылҳаарақәа рыҟаҵара, аҟәарарӷәӷәареи аӡцарҭақәеи, ацҳақәеи аӡыхкыраақәеи рыргылареи реиҭашьақәыргылареи.
Аԥсны
Аԥсны афинансқәа рминистр 2023 шықәсазтәи абиуџьет алагалақәеи аныхрақәеи дрылацәажәеит