Аԥсны

Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит

Аицлабра иалахәын Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни рҟынтәи зынӡа 250-ҩык аспортсменцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Аԥсуа спорсменцәа аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит зых иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҟны ахацәеи ақәыԥшцәеи рыбжьара, абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.

Мараҭ Кәакәасқьыр 70 кьыла иҟоу ахацәа рыбжьара даиааит. Аицлабрақәа рҟны аҩбатәи аҭыԥқәа ргеит ҩыџьа ақәԥаҩцәа - Инал Берзениа (86 кьыла иҟоу рыбжьара), Баграт Ԥандариа (70 кьыла иҟоу рыбжьара).

Ақәыԥшцәа рыбжьара аԥсуа спортсменцәа ҩыџьа аџьаз ранашьахеит: Леон Арсҭаа - 68 кьыла иҟаз рыбжьара, Максим Адлеиба - 44 кьыла иҟаз рыбжьара.
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит
Актәии ахԥатәии ҭыԥ иаԥсахеит даҽа ҩыџьа ақәԥаҩцәа қәыԥшцәа - Еснаҭ Қәҭарба (68 кьыла иҟаз рыбжьара), Еснаҭ Арӡынба (71 кьыла иҟаз рыбжьара). Атурнир аҟны аџьаз даԥсахеит Алан Аԥшьлаа.
Ақәыԥшцәа рыбжьара аԥсуа спортсменцәа ҩыџьа аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит: Вахтанг Акаба (71 кьыла иҟаз рыбжьара), Мураҭ Ԥкьын (41 кьыла иҟаз рыбжьара).
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит
Атурнир иалахәыз аспортсменцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедалқәеи, ахраҿақәеи, аԥаратә ҳамҭақәеи, иаиааиз иранаршьеит Урыстәыла аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ.
Шәачатәи зых иақәиҭу аиқәԥаразы Афедерациа аиҳабы Рубен Татулиан иаԥхьахәқәа ргаразы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа мҩаԥыргоижьҭеи аашықәса ҵуеит. Сынтәа иара мҩаԥысуан жьҭаара 21-23 рзы.