https://sputnik-abkhazia.info/20221029/asnyti-aatsa-shacha-imaysuaz-aitslabraa-ry-akhakh-ya-rgeit-1042309102.html
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит
Sputnik Аҧсны
Аицлабра иалахәын Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни рҟынтәи зынӡа 250-ҩык аспортсменцәа. 29.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-29T09:25+0300
2022-10-29T09:25+0300
2022-10-29T09:25+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аспорт
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/1c/1042304864_0:56:1170:714_1920x0_80_0_0_e304fe946f7e7dd308534070450765b5.jpg
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Аԥсуа спорсменцәа аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит зых иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҟны ахацәеи ақәыԥшцәеи рыбжьара, абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.Ақәыԥшцәа рыбжьара аԥсуа спортсменцәа ҩыџьа аџьаз ранашьахеит: Леон Арсҭаа - 68 кьыла иҟаз рыбжьара, Максим Адлеиба - 44 кьыла иҟаз рыбжьара.Актәии ахԥатәии ҭыԥ иаԥсахеит даҽа ҩыџьа ақәԥаҩцәа қәыԥшцәа - Еснаҭ Қәҭарба (68 кьыла иҟаз рыбжьара), Еснаҭ Арӡынба (71 кьыла иҟаз рыбжьара). Атурнир аҟны аџьаз даԥсахеит Алан Аԥшьлаа.Ақәыԥшцәа рыбжьара аԥсуа спортсменцәа ҩыџьа аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит: Вахтанг Акаба (71 кьыла иҟаз рыбжьара), Мураҭ Ԥкьын (41 кьыла иҟаз рыбжьара).Атурнир иалахәыз аспортсменцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедалқәеи, ахраҿақәеи, аԥаратә ҳамҭақәеи, иаиааиз иранаршьеит Урыстәыла аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ.Шәачатәи зых иақәиҭу аиқәԥаразы Афедерациа аиҳабы Рубен Татулиан иаԥхьахәқәа ргаразы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа мҩаԥыргоижьҭеи аашықәса ҵуеит. Сынтәа иара мҩаԥысуан жьҭаара 21-23 рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/1c/1042304864_73:0:1098:769_1920x0_80_0_0_35e6924df5f04959f80ba52e95e0bd6b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аспорт
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит
Аицлабра иалахәын Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни рҟынтәи зынӡа 250-ҩык аспортсменцәа.
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Аԥсуа спорсменцәа аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит зых иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҟны ахацәеи ақәыԥшцәеи рыбжьара, абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Мараҭ Кәакәасқьыр 70 кьыла иҟоу ахацәа рыбжьара даиааит. Аицлабрақәа рҟны аҩбатәи аҭыԥқәа ргеит ҩыџьа ақәԥаҩцәа - Инал Берзениа (86 кьыла иҟоу рыбжьара), Баграт Ԥандариа (70 кьыла иҟоу рыбжьара).
Ақәыԥшцәа рыбжьара аԥсуа спортсменцәа ҩыџьа аџьаз ранашьахеит: Леон Арсҭаа - 68 кьыла иҟаз рыбжьара, Максим Адлеиба - 44 кьыла иҟаз рыбжьара.
Актәии ахԥатәии ҭыԥ иаԥсахеит даҽа ҩыџьа ақәԥаҩцәа қәыԥшцәа - Еснаҭ Қәҭарба (68 кьыла иҟаз рыбжьара), Еснаҭ Арӡынба (71 кьыла иҟаз рыбжьара). Атурнир аҟны аџьаз даԥсахеит Алан Аԥшьлаа.
Ақәыԥшцәа рыбжьара аԥсуа спортсменцәа ҩыџьа аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит: Вахтанг Акаба (71 кьыла иҟаз рыбжьара), Мураҭ Ԥкьын (41 кьыла иҟаз рыбжьара).
Атурнир иалахәыз аспортсменцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедалқәеи, ахраҿақәеи, аԥаратә ҳамҭақәеи, иаиааиз иранаршьеит Урыстәыла аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ.
Шәачатәи зых иақәиҭу аиқәԥаразы Афедерациа аиҳабы Рубен Татулиан иаԥхьахәқәа ргаразы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа мҩаԥыргоижьҭеи аашықәса ҵуеит. Сынтәа иара мҩаԥысуан жьҭаара 21-23 рзы.