Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра: Украина Амшынеиқәатәи афлот аӷбақәа дронла ирыжәлеит

Украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа зыжәлаз Урыстәылатәи Афедерациа Амшынеиқәатәи афлот аӷбақәа "арыц мҩа" рыхьчоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Киев аԥырҩы дызҭам аҳауатәи амшынтәи дронқәа 16 рыла Севастополь Амшынеиқәатәи афлот аӷбақәа ирыжәлеит, урҭ аҳауа иахьалаз иреихсны икарыжьит ҳәа адырра ҟарҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрраҿы.
"Иахьа ашьыжь, асааҭ 4:20 рзы, киевтәи арежим атеррористтә жәылара мҩаԥнагеит Севастополь анҭыҵтәии аҩнуҵҟатәи аӡқәа рҿы иҟаз Амшынеиқәатәи афлот иаҵанакуа аӷбақәеи аграждантә ӷбақәеи рганахьала", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп, ажәылара ишалахәыз аԥырҩы дызҭам аппаратқәа жәбеи автономла аус зуа аԥырҩы дызҭам амшынтә аппаратқәа быжьбеи.
Урҭ аппаратқәа зегьы Амшынеиқәатәи афлот аӷбақәа рымч ала икажьын.