Аԥсны

Гагра араион аҿы ақыҭанхамҩа аҿиаразы жәохә проект рыдкылоуп

Ахықәкытә ҳәынҭқарратә программала ақыҭанхамҩа аҿиара иазоушьҭуп 100 миллион мааҭк.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҿы ақыҭанхамҩа аҿиаразы жәохә проект рыдкылоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Геворг Гараниан.

"Апроектқәа 7,6 миллион мааҭ рзоужьхоит. Дара ҩ-хырхарҭак рымоуп: арахәааӡареи аҵиааӡареи. Аиҳарак апроектқәа мҩаԥгахоит Пицунда, ақыҭақәа Баӷрыпшсҭа, Лӡаа. Аԥаразоужьрақәа апроектқәа рхышәаҵышәа иаҿырԥшуп: џьара – 300-500 нызқь мааҭ ыҟоуп, џьара - 800 нызқь мааҭ", - иҳәеит иара.

Гараниан иажәақәа рыла, 13 проект аҵиааӡара иазырхоуп, 2 – арахәааӡара. Апрограмма алахәылацәа аиҳарак ацитрус, ахәырма, аҵәа, абҳәа рааӡара рыгәҭакуп. Геворг Гараниан агәра игоит ари хра злоу проектны ишыҟоу.
Ахықәкытә ҳәынҭқарратә программала ақыҭанхамҩа аҿиара иазоушьҭуп 100 миллион мааҭк: аҵиааӡара, арахәааӡара, аԥсыӡааӡара, ақыҭанхамҩа иаԥырхагоу амаҵақәа рнырҵәара, ааглыхра-техникатә ҿиараз.
2021 шықәсазы апрограммала 91 проект, 77 миллион мааҭ рыхә нагӡан.