Аԥсны

"Аԥсны ахада Ихраҿа" агаразы аҽырыҩра мҩаԥысит Бзыԥҭа

"Атәыла ахада Ихраҿа" ҳәа хьӡыс измоу аҽырыҩра аԥхьахә фонд 1,7 миллион мааҭ ыҟан.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. "Аԥсны ахада Ихраҿа" агаразы аҽырыҩра мҩаԥысит Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҟны асабша, жьҭаара 29 рзы, абри атәы Sputnik акорреспондент иизеиҭеиҳәеит аҽырыҩра аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа.
Аҽыҩҷкәынцәа еиндаҭлон еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны.
аҵәеигәыдҵара
аҽымпыл
адистанциақәа ззыԥҵәаз хә-еиԥхныҩларак.
Ҟәланырхәатәи аҽыҩҷкәынцәеи аидкыла "АПХ"- аҽааӡаҩ Павел Арӡынба иҵаҩцәеи аҵәеигәыдҵараҿы еиндаҭлон. 7:6 ҳәа "АПХ" акоманда аиааира ргеит. Арҭ аҩ-командак аҽымпыл хәмарраҿы еиҭахгьы еиқәшәеит, аха араҟа 8:6 ҳәа аиааира ргеит Ҟәланырхәаа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәаларшәара иазкыз, 1400 метра инаӡоз адистанциаҿы еиԥхныҩлон ҩышықәса зхыҵуа, Аԥсны иааӡоу аҽқәа. Абри адистанциаҿы актәи аҭыԥ игеит Дмитри Қардиа, иҽы "Аврора" – Виачеслав Аиба итәуп, иара д-Оҭҳаратәуп.
1400 метра инаӡоз адистанциаҿы аҽыҩжәлацқьақәа еиԥхныҩлон Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иҳамҭазы. Актәи аҭыԥ игеит Џьубеи Аҩӡба, иҽы "Седа" аԥшәма Аԥсны Аҽыбӷаҟазаратә спорт Афедерациа ахада Милор Шәлымба.
Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз аиԥхныҩлара 2400 метра адистанциа азыԥҵәан. Араҟа аиааира игеит Иури Кулинич, иҽы "Огнемет", уи зтәугьы Милор Шәлымба иоуп, Пицундатәуп.
Аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырыҩра: Кәтол имҩаԥысыз аҽқәа реиндаҭлара
Аԥсны ахада Аслана Бжьаниа ихраҿа аиааиразы аҽыҩжәлацқьақәа еиԥхныҩлон 2400 метра инаӡоз адистанциаҟны, аиааира игеит Михаил Симанкин "Дискотека Иун" аҽы дақәтәаны, уи аԥшәма Беслан Аԥҳазоу, д-Кәтолтәуп.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәаразы аиԥхныҩлараҿы актәи аҭыԥ игеит Дмитри Қардиа, уи дзықәтәаз аҽы "Нарҭ" Алмасхан Хышба итәуп, Пицундатәуп.
"Аҽырыҩра ауаа рацәа аҭааит. Аԥсны ахада, уи ихаҭыԥуаҩ, ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, ҳтәыла араионқәа рхадацәа, Жәлар реизара адепутатцәа, иара убас Урыстәылантәи аҽааӡаҩцәа ауснагӡатә иалахәын. Зегьы шьахәны имҩаԥысит", - иҳәеит Џьарназ Бениа.
Бениа иажәақәа рыла, аҽырыҩра аԥхьахә фонд 1,7 миллион мааҭ ыҟан. Шә-нызқь шә-нызқь мааҭ афонд иахырыԥхьаӡалеит амобилтә еимадарақәа, иара убас 50 нызқь мааҭ афонд иалеиҵеит аҽыбӷазара абзиабаҩ Инал Аиба, Пицундатәуп.