Аԥсны

Атрадициақәа рзыхынҳәра: Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит

Акоронавирус апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Лыхны ашҭаҿы имҩаԥысуеит аҽаҩраныҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит жьҭаара 30 аҽны, абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Аныҳәахь Афон Ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргеит рҽаҩра- изаамҭанытәиу ашәырхкқәа, ашәырҩа, ауҭраҭых, амилаҭтә чысхкқәа, арыжәтә, иара убас инаргеит рнапкымҭақәа, аԥсуа милаҭ маҭәа, ажәытәтә ҩнымаҭәа.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Шамба Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа рышҽазыҟарҵо иазкны
Аныҳәа иаҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәа. Аҳәынҭқарра ахада аԥсуа жәлар аныҳәа рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, аизҳазыӷьара.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа
Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа иажәақәа рыла, акоронавирус апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Лыхны ашҭаҿы имҩаԥысуеит аҽаҩраныҳәа.
"Хәыҷи-дуи ҳаззыԥшыз ныҳәоуп, бзиа иаабоит. Ақыҭанхацәа рҽаҩра ӡырыргеит, иара убас аԥсуа инхашьа-инҵышьа аазырԥшуа амаҭәарқәа", - иҳәеит Боџьгәуа.
Араион ахада иазгәеиҭеит, аныҳәа иалахәу зегьы ҭакԥхықәрала ишазнеиз.
Аҽаҩраныҳәа иалахәу қәрала иреиҵбу Шамиль Апба Лыхнашҭаҟа ижьиирҭа ааигеит. Иара шықәсқәак раԥхьа ажьира аус инапы аликит. Аныҳәамш иалагӡаны иаҭааз рыбла ишабо аҽеимаақәа ҟаиҵалоит.
Аҽаҩраныҳәа иалахәу қәрала иреиҵбу Шамиль Аппба
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иазку аҳәынқарратә музеи Аԥсны аҭоурых иадҳәалоу анапкымҭақәа ӡырыргеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥснытәи аҳәаанырцәтәи аполитикатә усзуҩцәа архивтә рфотоҭыхымҭақәа, аԥсуа ҭаацәарақәа рсахьақәа, амилаҭтә музыкатә рҳәагақәа, анапкымҭақәа. Иааидкыланы 300 експонат ыҟоуп.
1 / 6

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит

2 / 6

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит

3 / 6

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит

4 / 6

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит

5 / 6

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит

6 / 6

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит

Аныҳәамш аҟны аконцерти аспорттә хәмаррақәеи мҩаԥгахоит.
Лыхны — Аԥсны идуу ақыҭақәа иреиуоуп. Ара инхон аԥсуа аҳцәа. Ара иит Нестор Лакоба, Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл. Лыхнашҭа – ажәлар ахьеизо ҭоурых ҭыԥуп.