Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҩынҩажәижәаҩык урыстәылатәи аруаа дырхынҳәит Киев анапаҵаҟа иҟоу аҵакыраҟынтә

Зых иақәиҭтәу зегьы иахәҭоу амедицинатәи апсихологиатәи цхыраара роуеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Ҩынҩажәижәаҩык урыстәылатәи аруаа дырхынҳәит Украина иахьдырбаандаҩыз аҭыԥ аҟынтәи, абри атәы аарыцҳаит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрраҟны.

"Жьҭаара 29 рзы аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны киевтәи арежим анапаҵаҟа иҟоу аҵакыраҟынтә рхы иақәиҭтәын 50-ҩык урыстәылатәи аруаа, урҭ уа иахьыҟаз иршьуеит ҳәа ашәарҭара ыҟан", - рҳәеит аминистрраҿы.

Иара убас иазгәарҭеит Урыстәыла Арра-космостә мчқәа рырра-транспорттә авиациа иатәу аҳаирпланқәа рыла урҭ аруаа Москваҟа инаган Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра амедицинатә усбарҭақәа рҿы аҽыхәшәтәреи ареабилитациеи иахысразы.