Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизгарахь анаԥхьара хнаркәшеит

Аԥхьаҟа арратә комиссариатқәа аррамаҵурахьы ирыдыркылалоит ахатәгәаԥхаҩцәеи еилаӡарала инеиуеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Урыстәылауаа аррамаҵурахьы рнаԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизакра аҳәаақәа ирҭагӡаны иаанкылоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа ахала Сергеи Шоигу арратә округақәа рырхәҭақәеи Аҩадатәи афлоти рыдҵаҟаҵаҩцәа адҵа рзицҳаит абҵара 1 аҟынӡа адырра ирҭарц хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизакра шхыркәшоу азы.
"Абарҭ адҵақәа инарықәыршәаны арратә комиссариатқәеи Урыстәылатәи асубиектқәа рынагӡаратә усҳәарҭақәеи еицхырааны имҩаԥыргаз ԥхьатәара иҟоу Урыстәыла атәылауаа аррамаҵурахьы рнаԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа хыркәшоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Арранаԥхьаратә шәҟәқәа разыҟаҵареи рыҭареи хыркәшоуп, атәылауаа адырра рыҭара, реизгара иазку уҳәа егьырҭ хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизакразы хархәара зыҭаз ахыбрақәа уаанӡа изызкыз еиҭазыркуеит.
Адырра ҟарҵоит наҟ-наҟ акомиссариатқәа русура , что в дальнейшем работа военных комиссариатов будет Аԥхьаҟа арратә комиссариатқәа аррамаҵурахьы ирыдыркылалоит ахатәгәаԥхаҩцәеи еилаӡарала инеиуеи.
Сергеи Шоигу хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакразы ауснагӡатәқәа хыркәшоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан. Иара убас иара иҳәеит аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь афронт ахь ишдәықәҵаз 82 нызқьҩык, макьаназы аҽазыҟаҵарҭатә ҭыԥқәа рҟны 218 нызқьҩык шыҟоу.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу: хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакразы ауснагӡатәқәа хыркәшоуп