Аԥсны

Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара раԥхьатәи ацәыргақәҵа

Иналукааша Урыстәылатәи аҵаратә усҳәарҭақәа жәаҩа, иара убасгьы ахәыҷтәы технопарк "Кванториум" аԥснытәи абитуриентцәа ирызӡырыргеит рҵаратә программақәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Раԥхьатәи аҵараусҳәарҭақәа рыбжьаратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа.
Иналукааша Урыстәылатәи аҵаратә усҳәарҭақәа жәаҩа Аԥсныҟа иааит аԥснытәи абитуриентцәа рҵаратә программақәа рызӡырыргарц.
Аԥсныҟа иааз иреиуоуп Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә гуманитартә университет, ааглыхратә технологиақәеи адизаини Санкт-Петербургтәи руниверситет, Трибулин ихьӡ зху Ҟәбантәи аграриатә университет, Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи аекономикатә университет, Урыстәыла ахада иҿы иҟоу ақыҭанхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Урыстәылатәи ракадемиа, Урыстәыла аиҳабыра рҿы иҟоу Афинанстә университет уҳәа егьырҭгьы. Аҟәаҟа иааит Ҭаҭарсҭантәи ахәыҷтәы технопарк "Кванториум" ахаҭарнакцәагьы.
Ауниверситетқәа зегьы Россотрудничество еиҿнакааз ацәыргақәҵа иалахәхоит.
"Ари раԥхьатәи ҵараусҳәарҭабжьаратә цәыргақәҵоуп Аԥсны. Қәҿиарала имҩаԥысыр, ҳҿар иаҳҭоу аҵараиурҭақәа ҭырҵаар ҳтахәуп. Иаҳгәиҭан еиуеиԥшым ахырхарҭа змоу– атехниатә, амедицинатә, аҳәынҭқарра анапхгараҭаратә аҵараиурҭақәа рӡыргара", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра ахада Дмитри Федотов.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ацәыргақәҵа аԥеиԥш змоу усуп ҳәа ахиҳәааит.
"Ауснагӡатә ақәҿиара дуқәа азеиӷьаҳшьоит. Ҳақәгәыӷуеит ацәыргақәҵа аԥсуа ҿар рзы хра аиуп ҳәа, еиҳа ргәы ззыҳәо азанааҭ алхраҿы ирзыхәарҭахап ҳәа", - иҳәеит Шургалин.
Аԥснытәи абитуриентцәа рзы алшарақәа аазырԥшуа усуп ҳәа иҳәеит Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа. Аминистр иажәақәа рыла Аԥсны арҭ аҵараиурҭақәа аус рыцыруеижьҭеи акырҵуеит, ԥхьаҟагьы аусеицура иацҵахоит.
Аҟәаҟа иааит Ҭаҭарсҭантәи ахәыҷтәы технопарк "Кванториум" ахаҭарнакцәагьы. "Кванториум" аҵарахь иаднакылоит ахәбатәи акласс нахыс. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ирыдгалан хәыдаԥсадатәи акурсқәа латәаратәи латәарадатәи аформатқәа рыла.
1 / 8

Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара ираԥхьатәиу ацәыргақәҵа

2 / 8

Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара ираԥхьатәиу ацәыргақәҵа

3 / 8

Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара ираԥхьатәиу ацәыргақәҵа

4 / 8

Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара ираԥхьатәиу ацәыргақәҵа

5 / 8

Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара ираԥхьатәиу ацәыргақәҵа

6 / 8

Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара ираԥхьатәиу ацәыргақәҵа

7 / 8

Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара ираԥхьатәиу ацәыргақәҵа

8 / 8

Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара ираԥхьатәиу ацәыргақәҵа

Атехнопарк ахаҭарнакцәа рылшарақәа рӡыргаразы адронқәа ааргеит.
"Ҳапрограмма акыр иҭбаауп, аха арахь иаагаз ҩба роуп: антропоморфтә робототехники, ауаҩы исахьа зсахьо ароботи. Аробот апрограмма иалаҵоу анапынҵақәа нанагӡоит. Апрограмма хәмарра ҳасабла аҵара алшоит. Уи аинтерес аҵоуп", - лҳәеит "Кванториум" ахаҭарнак Иулиа Фукина.
Ари ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп аҵараиурҭақәа абитуриентцәа рзы аԥышәарақәа аззырхиаз. Убас Афинанстә университет абҵара 2 азы Аҟәатәи ашкол № 2 ҟны аолимпиада мҩаԥнагоит. Иаиааиуа абиуџьет ҭыԥ ахь аҵараиурҭа иҭалар рылшоит.
Урыстәыла аиҳабыра рҿы иҟоу Афинанстә университет иҭало аус рыдызуло Азиза Азизова ирыдылгалеит аекономикеиԥш аполитологиеи, асоциологиеи, азиндырреи рхырхарҭақәа.
Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит абҵара 3 рҟынӡа Москва Аҩны аҿы.
Аԥсны
Тамбовтәи аҳәынҭуниверситет аҟәатәи арҵаҩцәа рҟазара аизырҳараҿы ирыцхрааит