Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Тамбовтәи аҳәынҭуниверситет аҟәатәи арҵаҩцәа рҟазара аизырҳараҿы ирыцхрааит

© Foto / Администрация города Сухум В рамках сотрудничества Управления образования Администрации города Сухум с Тамбовским государственным университетом имени Г.Р. Державина прошли онлайн-курсы повышения квалификации
В рамках сотрудничества Управления образования Администрации города Сухум с Тамбовским государственным университетом имени Г.Р. Державина прошли онлайн-курсы повышения квалификации - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Анапаҵаҩра
Абжьаратә ҵараз ҳаамҭа иақәшәо онлаин-курсқәа ф-программак рыла имҩаԥган.
АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. 50-ҩык аҟәатәи арҵаҩцәа Тамбовтәи аҳәынҭуниверситет аҿы рҟазара аизырҳаразы онлаин-курсқәа ирхысит, аҽа жәохәҩык рҟынӡа аҵараиурҭаҿы аиҭаҽазыҟаҵара иахысит ҳәа аҳәоит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Акурсқәа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь ахадареи Г. Р. Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университети русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Онлаин-курсқәа мҩаԥган ацифратә культура, аԥхьатәи ацхыраара, аӡыргара адизаин ҟазарак аҳасаб ала, зылшара ԥку ахәыҷқәа риинклиузивтә ҵара атехнологиақәа, абаҩырҵәыреи аспорти русхк аҟны ҳаамҭазтәи аменедџьмент атехнологиа, арҵаратә еиҿкаараҿы аҵара зҵо расоциалтә хныҟәгашьа азԥхьагәаҭара апрограммақәа рыла.

Акурсқәа ирхысыз арҵаҩцәа ирыҭан рҟазара аизырҳаразы аршаҳаҭгақәа.
Аматематика, афизика, аинформатика рырҵаҩцәа жәохәҩык аиҭаҽазыҟаҵаратә курсқәа ирхысит. Апроект усурақәа рышьҭахь урҭ арҵаҩы иҟазара ранашьаны Тамбовтәи ауниверситет адипломқәа рырҭеит.
Уаанӡагьы аҟәатәи арҵаҩцәеи тамбовтәи рколлегацәеи рԥышәа еимырдахьан. 2021 шықәсазы аҟәатәи аделегациа I Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа иалахәын.
Ажәабжьқәа зегьы
0