Аԥсны

"Ашана" Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит

Николь Аргәынԥҳа асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез зыдырбало, ҭырқәтәылатәи аклиника Медикал Парк Газиосманпаша аҿы аҽыхәшәтәра дахысроуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит.
Николь асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез лымоуп.
Афонд "Ашана" Николь лзы ҩынтәны аԥара еизнагахьеит.
2018, 2021 шықәсқәа рзы Москва аҭҵаареи агәаҭареи дахысит. Аҳақьымцәа ацхыраара лырҭеит, усҟан дара ирылшеит аепилепсиатә ремиссиа аиааира.
Уажәы Николь аҽазныкгьы агәаҭара дахысроуп. Ҭырқәтәылатәи Медикал Парк Газиосманпаша азыхиоуп ахәыҷы лыдкылара. Ара дырхысраны дыҟоуп аневролог, аортопед, аофтальмолог, МРТ, ЕЕГ, ЕМГ, лшьа анализа агенетикатә анализи алҭоит.
Афонд "Ашана" аҿы ирҳәоит арҭ зегь шхымԥадатәиу. Николь ахәшәтәырҭаҿ лышьҭаҵаразы иаҭахуп 294 600 мааҭ. Аргәынаа рҭаацәараз ари уадаҩуп.
Ахәыҷы лыцхраашьақәа ртәы еилышәкаар ҟалоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.
Есышықәса аиҭацхыраара рҭахәуп жәаҩык иреиҵамкәа ахәыҷқәа.