https://sputnik-abkhazia.info/20221102/ashana-nikol-argyna-lzy-aareizgara-ialageit-1042404676.html
"Ашана" Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит
"Ашана" Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит
Sputnik Аҧсны
Николь Аргәынԥҳа асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез зыдырбало, ҭырқәтәылатәи аклиника Медикал Парк Газиосманпаша аҿы... 02.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-02T15:27+0300
2022-11-02T15:27+0300
2022-11-02T16:06+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0c/1032821189_0:0:2601:1463_1920x0_80_0_0_91ae11d9d20777533887454d87bb5afb.jpg
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит. Николь асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез лымоуп. Афонд "Ашана" Николь лзы ҩынтәны аԥара еизнагахьеит.2018, 2021 шықәсқәа рзы Москва аҭҵаареи агәаҭареи дахысит. Аҳақьымцәа ацхыраара лырҭеит, усҟан дара ирылшеит аепилепсиатә ремиссиа аиааира.Афонд "Ашана" аҿы ирҳәоит арҭ зегь шхымԥадатәиу. Николь ахәшәтәырҭаҿ лышьҭаҵаразы иаҭахуп 294 600 мааҭ. Аргәынаа рҭаацәараз ари уадаҩуп.Ахәыҷы лыцхраашьақәа ртәы еилышәкаар ҟалоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.Есышықәса аиҭацхыраара рҭахәуп жәаҩык иреиҵамкәа ахәыҷқәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0c/1032821189_101:0:2416:1736_1920x0_80_0_0_a0ac4e3d897555662be1c1ef5a797382.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап
ажәабжьқәа, ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап
"Ашана" Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит
15:27 02.11.2022 (ирҿыцуп: 16:06 02.11.2022) Николь Аргәынԥҳа асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез зыдырбало, ҭырқәтәылатәи аклиника Медикал Парк Газиосманпаша аҿы аҽыхәшәтәра дахысроуп.
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит.
Николь асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез лымоуп.
Афонд "Ашана" Николь лзы ҩынтәны аԥара еизнагахьеит.
2018, 2021 шықәсқәа рзы Москва аҭҵаареи агәаҭареи дахысит. Аҳақьымцәа ацхыраара лырҭеит, усҟан дара ирылшеит аепилепсиатә ремиссиа аиааира.
Уажәы Николь аҽазныкгьы агәаҭара дахысроуп. Ҭырқәтәылатәи Медикал Парк Газиосманпаша азыхиоуп ахәыҷы лыдкылара. Ара дырхысраны дыҟоуп аневролог, аортопед, аофтальмолог, МРТ, ЕЕГ, ЕМГ, лшьа анализа агенетикатә анализи алҭоит.
Афонд "Ашана" аҿы ирҳәоит арҭ зегь шхымԥадатәиу. Николь ахәшәтәырҭаҿ лышьҭаҵаразы иаҭахуп 294 600 мааҭ. Аргәынаа рҭаацәараз ари уадаҩуп.
Ахәыҷы лыцхраашьақәа ртәы еилышәкаар ҟалоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.
Есышықәса аиҭацхыраара рҭахәуп жәаҩык иреиҵамкәа ахәыҷқәа.