Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҟрым аенергетикатә хыбраҿы адиверсиа аԥырҟәҟәаауп

Ашьаусҭҵааратә усбарҭақәа аусҭҵаара хацдыркит УА АЗ ахәҭаҷқәа "Адиверсиа азырхиареи" "Закәаншьаҭада артҟәацгатә маҭәашьарқәа реикәыршареи" рыла.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Ҟрым аенергетикатә хыбрақәа рҿы адиверсиа аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит АШәМ ЦОС.
"Украинатәи амаҵзура ҷыдақәа Ҟрым аенергетикатә обиект аҿы иазыԥхьагәарҭоз адиверсиа аԥырҟәҟәаауп. Даанкылоуп 1978 шықәса рзы ииз Украина атәылауаҩ, УАШәМ ихырхыз", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иааныркылаз имхуп артҟәацгатә шьақәгылақәа хԥа, Ҟрым араионқәа руак аҿы ЛЕП-шьаҟақәа ахьгыло асхемақәа.
Атеракт мҩаԥгахазҭгьы лашарада иаанхон 5 000-ҩык рҟынӡа ахархәаҩцәа, асоциалтә инфраструктура аобиектқәагьы налаҵаны.
Ашьаусҭҵааратә усбарҭақәа аусҭҵаара хацдыркит УА АЗ ахәҭаҷқәа "Адиверсиа азырхиареи" "Закәаншьаҭада артҟәацгатә маҭәашьарқәа реикәыршареи" рыла. Уи адагьы иаанкыло егьырҭ ацәгьоурақәа дахьынӡарылаҟьышьу шьақәдыргылоит.