Апрограмма сынтәа ҩышықәсоуп аус ауеижьҭеи, иааиуа ашықәс азы еиҭа 100 нызықь мааҭ азоужьуп ҳәа иҳәеит Џьопуа.
"Апрограмма аԥсахрақәа амаӡам, арахә ааӡара ада. Ҩышықәсатәи аԥышәа иаҳнарбеит арахә аҩнуҵҟа иаахәаны ауаа рыҭара, наҟантәи аагара иамоуп ауадаҩрақәа рацәаны. Убри аҟнытә аԥарақәа бжьамӡырцаз, егьырҭ ахырхарҭақәа рахь рышьҭра гәҭакыс иҳамоуп. Еиҭа иаҳбеит, анхацәа ауҭраҿы аус рурцаз атехника маҷ шырҭаху. Ҳаԥхьаҟатәи ашықәс азы апрограмма шьақәыргылоуп ҩышықәса иҳауз аԥышәа иашьашәаланы", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Ауаа рацәаны иаднагалоит, ирацәаны арзаҳалқәа ҳарҭахьеит, иаанаҳымкылар ада шьҭа ԥсыхәагьы ыҟам ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы Беслан Џьопуа. Иааиуа ашықәс азы акомиссиа аилатәараҿы алԥшаарақәа мҩаԥгахоит иҳәеит иара.
Џьопуа еиҭеиҳәеит, апрограмма аԥҟарақәа ртәы, уи шьагәыҭс иамоу.
Ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла апроектқәа абжеиҳарак аус бзианы ируеит, апрограмма хра аланы дахәаԥшуеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.