Аԥсны

Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны алашара асааҭ 17:00 рҟынӡа ирцәахоит

Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны аиҭашьақәыргыларатә бригадақәа шьыжьаахыс аусура иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны алашара асааҭ 12:00 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа ирцәахоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Абҵара 1 азы амш аҩнуҵҟа хынтә Аԥсны аиҳара лашарада иҟан ари ацәаҳәаҿы иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны.
Абҵара 2 рзы шьыжьнаҵы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа еиҭарылагеит. Уи аамҭазы алашара Урыстәылантә иаарышьҭуан.
Абҵара 2 рзы адырра ҟаҵан ацәаҳәаҿы аусурақәа зегь хыркәшоуп ҳәа, аха асааҭ 18:00 еиҭахгьы афымцалашара ааха иаиуз иахҟьаны ицәеит.
Лашарада иаанхаз араионқәа рҿы аԥкрақәа алагаланы алашара рзынарышьҭуеит. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" арҽеирақәа азуын 2022 шықәса жьҭаарамзазы. Иԥсахын ацәаҳәақәа. Ари аус иақәхарџьын 50 миллион мааҭ. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ацәаҳәақәа роушьҭратә лшара 260 мегаватт аҟынтә 300 мегаватт иҟалараны иҟан.