Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аррамаҵурауаа шәҩык инреиҳаны Киев зхылаԥшуа адгьылҵакыра аҟынтәи ирхынҳәуп

Зхы иақәиҭыртәыз аибашьцәа Москваҟа иргоит арратә самолиотла.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны киевтәи арежим иаҵанакуа адгьылҵакырантәи рхы иақәиҭуп зыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылаз 107-ҩык урыстәылатәи аррамаҵурауаа. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Дара Москваҟа идәықәҵахоит рыхәшәтәреи ргәабзиара аиҭашьақәыргылареи рзы.
Иара убас, зхы иақәиҭыртәыз аҭҟәацәа зегьы амедицинатәи апсихологиатәи ацхыраара роуеит.