Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ашәуа аветеранцәа рфонд ахарџьала ахәшәтәырҭақәа реиқәыршәаразы

Ишьақәырӷәӷәоуп 2023 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәа. Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рфонд абиуџьет еизҳама, насгьы алагалатә хәҭеи аныхратә хәҭеи абанӡанаӡо, иарбан хырхарҭақәоу еиҳа аԥыжәара змоу.
Sputnik
1992-1993 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рфонд абиуџьет алагалатә хәҭеи аныхратә хәҭеи 199 миллиони 616 нызқьмааҭ азԥхьагәаҭоуп.
Иааиуа ашықәс азы ҳбиуџьеҭ 24 миллион мааҭ рыла еиҳауп ҵыԥхтәи аасҭа, ҳәа азгәаиҭеит Ашәуа арадиоефир аҿы.
"Аветеранцәа рыхәшәтәреи ргәаҭареи рзы иахьаҳшьҭуа ахәқәа рҽырԥсахит, дара ахәшәқәагьы акыр ирыцлеит. Иааиуа ашықәс азы агәабзиарахьчара аганахьала иарбоу аныхтә ҳазхап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Иаҳхашәалар, ацхыраарахь иҳашьҭуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Емзар Ашәуа иазгәаиҭеит, ацхыраара ҳасабала Аԥсны агәабзиарахьчаратә усбарҭақәа рзы ишаахәоу амаругақәа аветеранцәа аҽыхәшәтәра иахьахысуа .
"Сынтәа иалыршахеит 8 миллон мааҭ рыхә амаругақәа арратә госпиталь азы аахәара. Ҳаԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп онкологиатә центр ацхыраара аҭара, 6 миллион мааҭ рҟныӡа. Аҷкәынцәа Урыстәылаҟа рышьҭразы аԥара рацәа агоит. Иҳагу амаруга аахәаны ара аус ауазар иаҳа иаҳзеиӷьуп. 20-40-ҩык Урыстәыла рышьҭра, иара амаруга ахә еиԥш ауп ишыҟоу. Ҳәарада, ҳахәшәтәырҭақәа рҿы аветеранцәа рзы агәаҭарақәа хәыда-ԥсадахоит. Ҳгәы иҭоуп, абас есышықәса аветеранцәа рҽахьырхәшәтәуа аҭыԥқәа рҿы ацхыраара аҟаҵара", -ҳәа иҳәеит Ашәуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.