Аԥсны

"Амашәыр аҳампал иалоуп": амҩан иҟало амашәырқәа рҭыԥтә дыргақәа ирызкны

Амҩан амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҿы идыргыло агәалашәаргатә дыргақәа аԥсуаа ҳҵасқәа иабанӡарықәнаго, насгьы аԥсы аагашьақәас иҟои ҳажәлар рҿы - абри иазкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ, Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.
Sputnik
Афилософ ду Джордж Фреизер иҳәахьеит "ауаҩы амаҭәарқәа дшырзыҟоу, урҭ рахь ииаиго амагиатә мчы иаргьы иныруеит" ҳәа. Иаҳҳәап, ауаҩы ихыхь ихыргаразы арбаӷь еиқәаҵәа аика аахҵәаны ачымазаҩ ихы инахьыршьуеит, амгәа-хьаа змоу ихыргарц азы аӡахәа рқьақьа иргьежьны иҟаҵаны хынтә ихыргон убас егьырҭ ачымазарақәагьы. Абасала, ауаҩы дзыргәамҵуа ихьаа даҽа маҭәарк ахь, ма ԥстәык (ԥсаатәк) ахь ииаргоит. Аха иҟоуп амаҭәарқәа иаарҳәу, иԥырхагоу аҵакы анышьҭырхуа. Ирымҳәои, "уҽыззукуа аҽузнакуеит" ҳәа… Баша ирҳәома мыцхә алаӷырӡ кауҭәар ҵасым ҳәа…
Амҩан амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҿы идыргыло агәаларшәагатә дыргақәа рыӡбахә иныҵыҩ-ааҵыҩны ицәырыргалоит, аха ишыҟац иаанхоит. Ари атрадициа ҳгәылацәа "бзиақәа" рҟынтәи иаҳзааит. Урҭ рҟынтәи аамҭаказы ишьҭкааны иҳаман иԥсыз ауаҩы ипатреҭ уаԥхьа икыдҵаны аныҟәара, нас маҷ-маҷ иаҳԥырҵит. Аха амҩан иҟало амашәыр иазку агәалашәаратә дыргақәа рыргылара макьана ҳзацрымҵыц…
Аԥштәы апсихологиа, мамзаргьы ашәы - ашәы абоит
Ԥсоу инаркны Егрынӡа ҳамҩақәа уанырнысуа, ҳаӷоу ибла иабара, угәы нкыдшәан ицап улаԥш надырхалан урыхәаԥшыр еицырхәхәа амҩа иангылоу акәакьқәа. Ҳазааҭгылап урҭ рыԥшра: ахкәакь-ԥшра змоу шьапык зҵагылоу, амҿы ма аиха иалху аҩны-хәыҷқәа ҳәа рзуҳәап. Ахкәакь аҩнуҵҟа шәҭқәак ҭадыргылоит, мамзаргьы ӡрыжәтәк. Аиҳарак иҭацә-ҭацәӡа игылоуп, хылаԥшра рымаӡамкәа – нас иарбан гәалашәароу урҭ ҵакыс инарыгӡо?
Ацәгьа ацәгьа аднаԥхьалоит рҳәоит. Избан уеизгьы машәырла иҭәу ҳамҩақәа аԥсы лаԥш изаҳаркуа? Аԥсуа традициа ари иатәышьҭраӡам. Ҭоурыхтә, етнографиатә нҵамҭак аҿгьы аԥсуа ари аҩыза традициан иман ҳәа иаазырԥшуа узыԥшааӡом. Аԥсуаа традициала ирзаԥуп амашәыр ахьыҟалаз, ауаҩы идунеи ахьиԥсахыз аҭыԥ аҟынтәи иԥсы аагара – уи мҩа-харак аҿоума, ашьхаҟноума, аӡаҿы аума. Уимоу, амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ зеиԥшроу еиԥш ала, аԥсы аагашьагьы еиԥшӡам.
Аԥсны
"Аира зшаз аԥсрагьы ишеит": ацәгьараҿы ахымҩаԥгашьазы згәаҭарақәак
Иаҳҳәап, амашәыр ахьыҟалаз аӡаҟны акәзар, аԥсыҭгага арҳәо, ишәаҳәо-икәашо аҳаҭа ҭарчны иааҭыргоит. Ашьхаҟны акәзар, уи иахылаԥшхәу изы бџьарк, еихамҿыхәк, ма ахәымпал ааныжьны ихыҵуеит – абна иахылаԥшхәу машәырк рықәимҵарц азы. Араҟагьы аҳаҭа алоуп аԥсы шаарго, рыбжьы мыргаӡакәа, имцәажәакәа, ашьха иахылаԥшхәу игәшәымшә аҟаҵара иашьҭоуп. Иара убас еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟынтәи ауаҩы иԥсы анырго арахәыц шьҭаҵаны аҩнынӡа иргоит. Аҭыԥ аҿы "унарцәымҩа бзиахааит" ҳәа аӡы карҭәоит аамҷыдарахаз, адыргақәа ргыланы иҟарҵом.
Даҽа усуп зыхьӡ нагоу ҟаза дук, фырхаҵак иакәзар, уи изкны баҟак, дҩыларак, хаҳәык уҳәа дыргылоит, ишнеи-шнеиуа уи иԥшьоу ахаҿсахьақәа дрыдыркылоит, ихаҭа ҭыԥтә хылаԥшыҩны дҟалоит уҳәар ауеит.
Избан амҩан амашәыр ауаҩы дацәызыхьчаша адыргақәа рхаҭыԥан (урҭ ахьахәҭоу иахьыҟам, ма аҵламахәқәа иахьырҵәахуа рҟынтәигьы амашәырқәа рылҵуеит), ԥсым-бзам иқәхаз рыԥсқәа кыдыԥшыло изықәҳархо?!
Зыхә ҳараку ақәацәыркца ҳаҭгәынқәа, мамзаргьы аԥсра шҽырбагахаз