https://sputnik-abkhazia.info/20220626/aira-zshaz-asragy-isheit-atsgaray-akhymagashazy-zgaaraak-1039820915.html
"Аира зшаз аԥсрагьы ишеит": ацәгьараҿы ахымҩаԥгашьазы згәаҭарақәак
"Аира зшаз аԥсрагьы ишеит": ацәгьараҿы ахымҩаԥгашьазы згәаҭарақәак
Sputnik Аҧсны
Аԥсраан ахымҩаԥгашьа иазку згәаҭарақәак аалгоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа. 26.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-26T18:05+0300
2022-06-26T18:05+0300
2022-06-26T18:05+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/1a/1039824044_0:960:2048:2112_1920x0_80_0_0_57d6ffc035709cb6adf1bee2ced6749e.jpg
Баша-маша аԥсуаа ирҳәом "Аира зшаз аԥсрагьы ишеит" ҳәа. Еҵәак кыдлазар, уи аамышьҭахь еҵәак камшәар ҟалашам. Аԥсҭазаара еикәшароуп, иара атәы нанагӡоит, уара иагьа иуҭахымзаргьы.Ацәгьара уанақәшәагьы, иара ишақәнагоу имҩаԥугароуп, иақәнагоу ахымҩаԥгашьа ааурԥшыроуп. Ҳазааҭгылап аԥсраҿы ахымҩаԥгашьа акәамаҵамақәак.Иҟан аамҭақәа ахацәа ҟамчыла рхы иасуа ирызгәакьаз данырҵәыуоз. Ахаҵа аԥсы данааихагылалак, дгәакьазар, ишьамхы аирсуан, игәы дҭасуан, иԥсыз дизгәакьамзар, дышгылоу ихы дасуа дҵәыуон. Аҳәсақәа ракәзар, рыӡӷы цәырыԥԥуан, рхахәы ԥдыртлон.Аԥсрашҟа ҵәыуара иааиз рацәаҩызар, раԥхьа гәыԥҩык, еиҳабы-еиҳабыла еицықәлон, раԥхьа ҵәыуара иқәлазгьы, ирыцны иааиз зегьы ҵәыуаны иқәҵаанӡа дышшылара инеиуамызт, еизыԥшны, еицны инеир акәын. Аҵәыуара ианеицықәлозгьы, аиҳабацәеи аиҵбацәеи еицны иқәломызт.Аби аԥеи еицны ҵәыуара инеизар, урҭ еицықәланы иҵәыуомызт, ҳәарада, аԥа аб аԥхьа дишьҭуан. Амаҳәи абхәагьы еицықәломызт ҵәыуара. Амаҳә иабхәараа иреиуаз еиҳабыки иареи еиқәшәазар дицықәланы дҵәыуамызт.Еибадыруаз, аԥсраҿы ианеиқәшәалак, "мшыбзиа" ҳәа аԥсшәа еибырҳәомызт, ус баша "шәышԥаҟақәоу" ҳәа имҵаауазар. Рыбжьы ҭыгангьы иччомызт.Иԥсыз дхаҵазар, иԥҳәыс лыбжьы неиҵыхны акәым, лылаӷырӡқәагьы ауаа ирцәылҵәахуан, даныржлакгьы, анышәынҭраҿы дышҵәыуоз ауаа идлырбомызт. Аԥҳәыс дыԥсызар, лхаҵа иԥҳәыс диҵәыуомызт, аџьабараҿы ауаа идышшыларазы днагыла-аагылон акәымзар.Ажәытәӡан, аԥсы данахыргоз, иарбан аамҭазаалакгьы ршьапы хтны акәыба иаццон. Ашьҭахь ахәԥҳа данԥслак заҵәык акәын ус аныҟарҵоз. Ҳаамҭазы уи аҩыза џьаргьы иуԥылаӡом.Аԥсуа литература аклассик ду Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба ишәҟәы "Адацқәа бзанаҵы аҵла аԥсы ҭоуп" аҟны абас иҩуан:"Аԥсы анышә даҭаны ианаахынҳәлак, аҽнынтәарак зшьапы иқәгылаз амаҵ зуаз агәылацәеи иаанкылаз ауа-аҭынха гәакьацәеи неидтәаланы акрырфоит. Ара аҭамада иалхра ҟалом. "Уԥсаҭа бзиахааит!" ҳәа иԥсыз аҩы изыхҭәаланы аҵәца ааныркылоит. "Уаҳа цәгьара шәзыҟамлааит!" ҳәа аҭаацәа рныҳәоит, даҽа ҵәыцак, ҩ-аҵәцак рыда ааныркылом, еидымхалакәа игылоит."Аԥсраҿы аҩы иашьызгьы ԥсык иеиԥш дрыԥхьаӡон, убасгьы изырҳәон: "Ани аԥсы, дахьыҟаз шԥеизымдыри", - ҳәа. Аԥсраҿы аишәа иахатәаз рыбжьы ҭганы иеиқәҿырҭуамызт, рыбжьы рдуны ицәажәомызт иахьыҟаз дырны. Иԥсыз дрыуаӡамзаргьы, рыбжьы ҭганы аӡәгьы дыччомызт.Ажәытәан иԥсыз иахь ирымаз агәыбылра иадырганы, аҳәса гәакьацәа рыхцәы хҵәаны анышәынҭраҿы икнарҳауан. Ахацәа рԥаҵа аурышьҭуан ашықәс аишәамаҭәа ашьҭыхра аҟынӡа иамырхуамызт, уи ҳазну аамҭазгьы иқәныҟәо рацәаҩуп.Аџьабаразы ашәымаҭәа ашәҵара атәы уҳәозар, раԥхьа инаргылазароуп аҩнра иаԥхаз ауаҩы ихаҭара: ихьӡ-иԥша, иқәра, уҳәа убас иҵегьы.Абду ма анду такәы ақәра рыманы рыԥсҭазаара иалҵзар, аҭахцәа гәакьақәа мышҩынҩажәа аԥсхәы руаанӡа ашәы ршәуп, нас иршәырхуеит.Ан, аб, аиашьа, аиаҳәшьа қәра дук рымамкәа рыԥсҭазаара иалҵзар, аҭахцәа гәакьақәа ашәы ршәуп ишықәс ҟалаанӡа, анаҩс иршәырхуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20211128/asraa-ainykhraa-askhraa-atsga-amagashazy-idyrtu-aynt-khak-1036484972.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200209/Anshan-Samaa-asuaa-rtraditsat-kulturay-asra-iadalou-aabza-1029421699.html
https://sputnik-abkhazia.info/20191215/Ayyrgylara-aarchei-anygara-asra-iadalou-aabza-1028980531.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210626/Ashty-apsikhologia-mamzargy-ashy---ashy-aboit-1032660518.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/1a/1039824044_0:768:2048:2304_1920x0_80_0_0_52b01270208eb95ea7746759d2c4264f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Аира зшаз аԥсрагьы ишеит": ацәгьараҿы ахымҩаԥгашьазы згәаҭарақәак
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Аԥсраан ахымҩаԥгашьа иазку згәаҭарақәак аалгоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Баша-маша аԥсуаа ирҳәом "Аира зшаз аԥсрагьы ишеит" ҳәа. Еҵәак кыдлазар, уи аамышьҭахь еҵәак камшәар ҟалашам. Аԥсҭазаара еикәшароуп, иара атәы нанагӡоит, уара иагьа иуҭахымзаргьы.
Ацәгьара уанақәшәагьы, иара ишақәнагоу имҩаԥугароуп, иақәнагоу ахымҩаԥгашьа ааурԥшыроуп. Ҳазааҭгылап аԥсраҿы ахымҩаԥгашьа акәамаҵамақәак.
Иҟан аамҭақәа ахацәа ҟамчыла рхы иасуа ирызгәакьаз данырҵәыуоз. Ахаҵа аԥсы данааихагылалак, дгәакьазар, ишьамхы аирсуан, игәы дҭасуан, иԥсыз дизгәакьамзар, дышгылоу ихы дасуа дҵәыуон. Аҳәсақәа ракәзар, рыӡӷы цәырыԥԥуан, рхахәы ԥдыртлон.
Аԥсрашҟа ҵәыуара иааиз рацәаҩызар, раԥхьа гәыԥҩык, еиҳабы-еиҳабыла еицықәлон, раԥхьа ҵәыуара иқәлазгьы, ирыцны иааиз зегьы ҵәыуаны иқәҵаанӡа дышшылара инеиуамызт, еизыԥшны, еицны инеир акәын. Аҵәыуара ианеицықәлозгьы, аиҳабацәеи аиҵбацәеи еицны иқәломызт.
Аби аԥеи еицны ҵәыуара инеизар, урҭ еицықәланы иҵәыуомызт, ҳәарада, аԥа аб аԥхьа дишьҭуан. Амаҳәи абхәагьы еицықәломызт ҵәыуара. Амаҳә иабхәараа иреиуаз еиҳабыки иареи еиқәшәазар дицықәланы дҵәыуамызт.
Еибадыруаз, аԥсраҿы ианеиқәшәалак, "мшыбзиа" ҳәа аԥсшәа еибырҳәомызт, ус баша "шәышԥаҟақәоу" ҳәа имҵаауазар. Рыбжьы ҭыгангьы иччомызт.
Иԥсыз дхаҵазар, иԥҳәыс лыбжьы неиҵыхны акәым, лылаӷырӡқәагьы ауаа ирцәылҵәахуан, даныржлакгьы, анышәынҭраҿы дышҵәыуоз ауаа идлырбомызт. Аԥҳәыс дыԥсызар, лхаҵа иԥҳәыс диҵәыуомызт, аџьабараҿы ауаа идышшыларазы днагыла-аагылон акәымзар.
Ажәытәӡан, аԥсы данахыргоз, иарбан аамҭазаалакгьы ршьапы хтны акәыба иаццон. Ашьҭахь ахәԥҳа данԥслак заҵәык акәын ус аныҟарҵоз. Ҳаамҭазы уи аҩыза џьаргьы иуԥылаӡом.
Аԥсуа литература аклассик ду Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба ишәҟәы "Адацқәа бзанаҵы аҵла аԥсы ҭоуп" аҟны абас иҩуан:
"Аԥсы анышә даҭаны ианаахынҳәлак, аҽнынтәарак зшьапы иқәгылаз амаҵ зуаз агәылацәеи иаанкылаз ауа-аҭынха гәакьацәеи неидтәаланы акрырфоит. Ара аҭамада иалхра ҟалом. "Уԥсаҭа бзиахааит!" ҳәа иԥсыз аҩы изыхҭәаланы аҵәца ааныркылоит. "Уаҳа цәгьара шәзыҟамлааит!" ҳәа аҭаацәа рныҳәоит, даҽа ҵәыцак, ҩ-аҵәцак рыда ааныркылом, еидымхалакәа игылоит."
Аԥсраҿы аҩы иашьызгьы ԥсык иеиԥш дрыԥхьаӡон, убасгьы изырҳәон: "Ани аԥсы, дахьыҟаз шԥеизымдыри", - ҳәа. Аԥсраҿы аишәа иахатәаз рыбжьы ҭганы иеиқәҿырҭуамызт, рыбжьы рдуны ицәажәомызт иахьыҟаз дырны. Иԥсыз дрыуаӡамзаргьы, рыбжьы ҭганы аӡәгьы дыччомызт.
Ажәытәан иԥсыз иахь ирымаз агәыбылра иадырганы, аҳәса гәакьацәа рыхцәы хҵәаны анышәынҭраҿы икнарҳауан. Ахацәа рԥаҵа аурышьҭуан ашықәс аишәамаҭәа ашьҭыхра аҟынӡа иамырхуамызт, уи ҳазну аамҭазгьы иқәныҟәо рацәаҩуп.
Аџьабаразы ашәымаҭәа ашәҵара атәы уҳәозар, раԥхьа инаргылазароуп аҩнра иаԥхаз ауаҩы ихаҭара: ихьӡ-иԥша, иқәра, уҳәа убас иҵегьы.
Абду ма анду такәы ақәра рыманы рыԥсҭазаара иалҵзар, аҭахцәа гәакьақәа мышҩынҩажәа аԥсхәы руаанӡа ашәы ршәуп, нас иршәырхуеит.
Ан, аб, аиашьа, аиаҳәшьа қәра дук рымамкәа рыԥсҭазаара иалҵзар, аҭахцәа гәакьақәа ашәы ршәуп ишықәс ҟалаанӡа, анаҩс иршәырхуеит.