Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

УАМ Каховтәи ГФС иеихсит аракетақәа HIMARS рыла

Зынӡа агидрофымцастанциа иагәыдырҵеит ф-ракетак.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Украинатәи аруаа Каховтәи ГФС иеихсит аракетақәа HIMARS рыла, ракетак адамба ашлиуз иаахеит, аилабгарақәа ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Каховтәи агидрофымцастанциа Украина зегь реиҳа идуу ГФС иреиуоуп. Украинатәи ар есымша Херсони Каховка ҿыци ракетала ирылахысуеит. Еиҳарак Днепр аҟәарақәа еимаздо Антоновтәи ацҳа иеихсуеит.
Аоперациа ҷыда ахьымҩаԥырго игылоу урыстәылатәи еиду ар ргәыԥ адҵаҟаҵаҩ ар реинрал Сергеи Суровикин жьҭаарамза анҵәамҭазы иазгәеиҭахьан Каховтәи ГФС ракетала иреихсуеит ҳәа аԥшыхәрақәа адыррақәа шыҟарҵо. Уа ишьақәгылоу аҭагылазаашьа анхацәа рзы ишәарҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Херсон аиҳабыра атәылауаа Днепр армарахьтәи аԥшаҳәахьы ралгара еиҿыркааит. Аамҭала агубернатор инапынҵақәа назыгӡо Владимир Сальдо иажәақәа рыла, ргәы иҭоуп 70 нызқьҩык рҟынӡа атәылауаа алыргарц.